Украина ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур шыҟало рыларҳәеит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУкраина ахада иалхрақәа
Украина ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украина Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Татиана Слипачук ирылалҳәеит ртәылаҟны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур шымҩаԥгахо.

АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Украина Ацентртә алхратә комиссиа официалла иазханаҵеит ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур шымҩаԥгатәу, уи мшаԥымза 21 рзы иҟалоит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Алхратә комиссиа аҿаԥхьа иқәгылоуп ихадоу азҵаарқәа рыӡбара - хықәкыла иуҳәозар, абжьыҭирақәа аҵыхәтәантәи рылҵшәақәа ралкаареи, мшаԥы 21 рзы аҩбатәи атур шазгәаҭоу азы аԥкаанҵа ашьақәыргылареи", - лҳәеит Украина Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Татиана Слипачук.

Украина ахада иалхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 31 рзы. Алхратә комиссиа адыррақәа рыла, акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоуит аиааиразы иаҭахыз абжьқәа рхыԥхьаӡара. Абыжьқәа рахьтә 60% ангәарҭа ашьҭахь, еилкаахеит ашоумен Владимир Зеленски 30,36% абжьқәа шиоуз, уажәтәи Украина ахада иакәзар - 16,40%.

Ажәабжьқәа зегьы
0