Аԥсны азеиԥш диспансеризациа мҩаԥгахоит

© Foto / Пресс-служба Министерства здравоохранения РААԥсны азеиԥш диспансеризациа мҩаԥгахоит
Аԥсны азеиԥш диспансеризациа мҩаԥгахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны азеиԥш диспансеризациа мҩаԥгахоит мшаԥы 5 инаркны.

АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Урыстәыла Афедералтә медицина-биологиатә маҵзура (ФМБА) амобилтә лабораториа-диагностикатә комплекс автомашьынақәа Аԥсныҟа иааит ареспублика ауааԥсыра адиспансеризациа рахыжьразы. Абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

"Урыстәыла Афедералтә медицина-биологиатә маҵзура (ФМБА) аҟазацәа рыбригада, 2018 шықәса ԥхынҷкәын азы Аԥсны агәабзиарахьчара асистема аҿиара ацхрааразы аиқәшаҳаҭрақәеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Вероника Скворцовеи Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиеи реинырреи инарықәыршәаны Аԥсныҟа иааит ареспублика ауааԥсыра адиспансеризациа рахыжьразы", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Афедералтә медицина-биологиатә маҵзура (ФМБА) аҟазацәа рыбригада напхгара аиҭоит амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Владимира Уиба. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа асасцәа Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы дырԥылеит.

Аԥсны азеиԥш диспансеризациа мҩаԥгахоит мшаԥы 5 инаркны. Аԥхьа адиспансеризациа иахрыжьуеит Гал араион ауааԥсыра, нас планла: Тҟәарчали Очамчыреи руааԥсыра.

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра Аԥсны атәылауаа ирыцхраараны иҟоуп

Амобилтә лабораториа-диагностикатә комплекс автомашьынақәа рбаза Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан иргылахоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0