Бераиа ақәԥаҩ Сандро Ашәба изы: Урыстәылазегьтәи ауниверсиадахь днеир алшоит
"Сандро ақәԥара бзиа ибоит, Аԥсны имҩаԥысуаз атурнирқәа рҿы аиааира игон. Аԥсны Ачемпионат аҿы дықәԥон, ахԥатәи аҭыԥ ааникылахьан. Москва аҵара данҭала, уа аҽазыҟаҵарақәа ирыциҵеит, ари атурнир ҟалаанӡагьы дықәԥахьан Липецк, уа аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит, анаҩс еиҭа Москва ауниверситет аҩнуҵҟа иҟаз аиқәԥараҿгьы аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит. Иара Урыстәылазегьтәи ауниверсиадаҟынӡагьы днаӡар алшоит", - азгәеиҭеит Бераиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.