Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аршба Валери Барцыц изы: аиаша бзиа избоз, згәы цқьаз уаҩын

© Sputnik / Томас ТхайцукВалери Аршба
Валери Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит 79 шықәса дшырҭагылаз зыԥсҭазаара иалҵыз Аԥсны Аолимпиатә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, жәларбжьаратәи акатегориа аӡбаҩ Валери Барцыц. Иара аспорт азы даара аџьабаа ду збахьаз уаҩын ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы Аԥсны Аолимпиатә еилакы ахантәаҩы Валери Аршба.

 

Аршба Валери Барцыц изы: аиаша бзиа избоз, згәы цқьаз уаҩын

Валери Барцыц диит нанҳәа 24, 1941 шықәсазы Гәдоуҭа ақалақь. Ашкол данҭаз ашықәсқәа рзы амҵәышәымпыл, аҽыбӷаҟазара, ашьапылампыл уҳәа аспорт хкқәа инапы рылакын. Ашкол даналга ашьҭахь дҭалеит Киевтәи иласу ааглыхра аҳәынҭқарратә институт. Иҭаацәаратә ҭагылазаашьа иахҟьаны, уи диасуеит Аҟәатәи асубтропикатә нхамҩа аинститут ахь. Уа аҵараҵара далгоит, анџьныр-технолог изанааҭ иманы.

Барцыц – аҽыбӷаҟазаразы жәларбжьаратәи акатегориа аӡбаҩыс дыҟан, далан Москва имҩаԥысуаз XXII Аолимпиатә хәмаррақәа рыӡбаратә коллегиа аилазаара.

Валери Барцыц - Аԥсны Аолимпиатә еилакы раԥхьатәи ахадас дыҟан.

Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Аолимпиатә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Валери Барцыц

"Аԥсны аспорт аганахьала даара аџьабаа ду збахьаз уаҩын. Иара апринцип иман, аиаша иҳәон уҿаҟны, игәгьы цқьан. Сара ауаҩы иҟны арҭ аҟазшьақәа зегьы реиҳа иалыскаауеит. 2011 шықәса раахыс аус ахьеицаауаз Аолимпиатә комитет аҿы иҳагқәоу анибалак, иаразнак иҳаиҳәон, ҳаргьы иҳадыҳкылон. Абас ҳҳәоу еиқәшәаны аус еицаауан", - иҳәеит Аршба.  

Аԥсны Аолимпиатә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, жәларбжьаратәи акатегориа аӡбаҩ Валери Барцыц идунеи иԥсахит асабша, мшаԥы 6 рзы.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0