Рашь Хəытаба: Валери Барцыц иуаҩреи иҟазареи инапы злакыз аус ианыԥшуан

© Sputnik / Томас ТхайцукВалерий Барциц
Валерий Барциц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зых иақəиҭу ақəԥаразы Европеи СССР-и рчемпион Рашь Хəытаба дигəалаиршəоит зыԥсҭазаара иалҵыз Олимпиатəи акомитет ахада ихаҭыԥуаҩ, Аԥснытəи АССР аспорти акультуреи зҽаԥсазтəыз аусзуҩ, аҽтəы спорт азы Жəларбжьаратəи акатегориа змоу аӡбаҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатəи аҩаӡара занашьоу Валери Барцыц.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҳəынҭқарратəи ауаажəларратəи усзуҩ, Аҧсны аспорт аҿиараҟны акыр зылша рацəоу, 50 шықəса инареиҳаны еизҳауа абиԥара абаҩарҵəыреи, аспорт акультуреи рганахь ала еиҵазааӡоз, иҳəаақəызҵоз Валери Чынчор-иԥа Барцыц ишьҭамҭа ҳҭоурых иазынижьит. Иара ихаҭа аспорт хкқəа зегьы бзиа ибон, иҽазҵəылхны иҽазыҟаиҵон, егьицааиуан.

Аршба Валери Барцыц изы: аиаша бзиа избоз, згәы цқьаз уаҩын

"Даара ирацəоуп Валери Чынчор-иҧа иӡбахə ала иуҳəаша. Иара ихаан аума, иахьатəи аҭагылазаашьа аҟноума, аспорт аганахь ала инапы иҵиххьаз аусқəа аҿиара ду рымоуп. Иара илихыз амҩоуп ҳазну сҳəарц сылшоит", - ҳəа азгəеиҭоит Рашь Хəытаба.

 Иура Ҭақəчыч-иҧа Ԥкьын. - Sputnik Аҧсны
Џьыкырԥҳа: Иура Ԥкьын - еснагь зхатəы бжьы зхаз, ажəлар ззыӡырҩуаз иакəын

Валери Барцыц ашкол даналга анаҩс, Киевтəи ааглыхратə институт дҭалеит, аха ихиркəшартə еиҧш аҭагылазаашьа имоуит, Аҧсныҟа даар акəхеит. Анаҩс, араҟа иациҵеит иҵарадырра, аинженер-технолог ҳəа азаанаҭ иоуит. Аспорт аусхк аҿы акəзар ихы бзианы аарҧшра илиршеит, анаҩс иаҳҳəарц ҳалшоит аспорт иара иҧсҭазаарахеит ҳəа.

"Даара дуаҩы ҟəымшəышəын, ҩныҵҟала хьаак имазаргьы адəахьы инирҧшӡомызт, абаҩхатəра ду илан. Иуаҩреи иҟазареи анеицыла, хымҧада инапы злакыз аус ианымҧшырц залшомызт. Еиҵаиааӡахьоу аҿар рацəаҩуп, урҭ рҟазара аӡбахəгьы адунеи иалаҵəахьеит", - иҳəеит Хəытаба.

Валери Барцыц аспорт усхк инапы алеикит 60-тəи ашықəсқəа инадыркны. Гəдоуҭатəи аспорт комитет напгара аиҭон. Аҽтəы спорт аусхк аҟны шьахəла ихы ааирҧшхьан, , зҽаҧсазтəыз аҟаза ҳəа ахьӡ ҳаракы даҧсахахьан.

"Асовет Еидгыла иара иусура ахəшьара бзиа арҭахьан. Аҽырыҩрақəа анымҩаҧысуаз аӡбаҩыс далырхуан, уимоу Аҧсны анҭыҵгьы аӡбаҩыс иӡбахə рҳəахьан. Уи аҧсуаа ҳзы акыр игəадуоуп, игəышьҭыхгоуп, иҭоурыхуп. Москва имҩаҧысуаз аҩеижəҩбатəи Олимпиатə хəмаррақəа рҿы Валери Барцыц аӡбаратə коллегиа далахəхахьан", - ҳəа азгəеиҭоит Рашь Хəытаба.

Сима Дбар - Sputnik Аҧсны
Арадио
Дбарԥҳа: Иура Аргәын еснагь гәыҵхас иман аԥсуа диаспора

Валери Барцыц, Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра анаҩс, Аҧсны аҳəынҭқарратə спорт комитет напхгара аиҭон, дыздыруаз изларҳəоз ала, даара дуаҩ иашан, иугыз-иубзаз ирҽеины уаҳəашьа дақəшəон, амҩа иаша уқəиҵон. Валери Барцыц аҧсҭазаара акыр дышкыднаҟьахьазгьы, аҧсуа идоуҳамч илан, дыҕəҕəан, иҧгылаз ауадаҩрақəа дыриааиуан. Иҧеи иҧшəмаҧҳəыси рыҧсҭазаара иалҵхьеит.

Валери Барцыци Рашь Хəытабеи Блабырхəа ақыҭа еицалҵит, еигəылацəан, бзиа еибабон. Рашь Хəытаба излеиҳəо ала, иара дызниҵаз амҩоуп иахьагьы дызқəу.

"Шықəсыла дсеиҳабын, иашьеиҳабык иаҳасаб ала дсывагылан, дсылабжьон, амҩа иаша сықəиҵон. Даара дуаҩы аамысҭашəан. Иахьа ирызҳауеит иҧа иҭынхаз ҩыџьа имаҭацəа. Даара сгəы далсит, иӡбахə анысҳəо сылаҕырӡқəа аауеит", - иҳəеит Рашь Хəытаба.

Валери Чынчор-иҧа Барцыц анышə дамардоит иқыҭа гəакьа Блабырхəа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0