АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. ЕАА аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Маик Помпео Голантәи аҳаракырақәеи Ҟрыми рҟны аҭагылазаашьақәа реиҿырԥшра иашам ҳәа ахиҳәааит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Иара иажәақәа рыла Тель-Авив шьамтәылатәи адгьылҵакыра ахәҭа аиуит ақәылара аҽацәыхьчаразы, Ҟрым акәзар шәарҭарак ҟаҳҵап ҳәа згәы иҭамыз ажәлар ирымҟәыҵыркәыкәааит.
"Уи адагьы шәара шәқәылараан шәыдгьыл ахәҭак шәцәыӡзар уи здырхынҳәри? Ари асистема ииашоу акакәым", - ҳәа иҳәеит Помпео.
Уаанӡа ЕАА рхада Дональд Трамп Голантәи аҳаракырақәа Израиль иатәуп ҳәа адекларациа инапы аҵаиҩит, Израиль аԥыза-министр Биниамин Нетаниахугьы иаргьы реиԥылараан.
1967 шықәсазы иҟалаз Фымштәи аибашьра иалҵшәаны Шьамтәыла иатәыз Голантәи аҳаракырақәа Израиль анапахьы иаанагеит, 1981 шықәсазы иампыҵанахалеит. Арҭ аҳаракырақәа Израили Шьамтәылеи рахьтә рыуа изтәу ҳәа еимактәы хадас ирыбжьоуп. Уи аӡбаразы аҽазышәарақәа мҩаԥыргахьан Шьамтәыла аграждантә еибашьра иалагаанӡа.