Аҿагыларатә акциа шцац ицоит, Ашәарҭадаратә хеилак аӡбра еизаз ирыдыркылом

© Sputnik / Томас ТхайцукМитинг жителей района Маяк
Митинг жителей района Маяк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба Аҟәа ақалақь аҿы абзазаратә црыҵ кьакьақәа рыҵәахра азҵаарақәа инарыдҳәаланы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит. Аилатәара алкаақәа инарықәыршәаны Алашарбага араион аҿы иҟоу агәамсамкаԥсарҭа адыркуеит 2019 шықәса абҵарамза 30 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Алашарбага араион аҿы аҿагыларатә акциа шцац ицоит, Ашәарҭадаратә хеилак аӡбра ҳазҳадкылаӡом ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәоит араион ауааԥсыра рхаҭарнак Џьансыхә Адлеиба.

Алашарбага араион аҿы иҟоу агәамсамкаԥсарҭа  - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи агәамсамкаԥсарҭа анадыркуа арыцхә шьақәырӷәӷәоуп

"Аригьы ҳзышьцылахьоу мцуп. Алакәқәа рыгәрахаҵара ҳаҟәыҵхьеит. Аиҳабыра ртактика рыҵаадырахьеит. Ажәлар ус иузжьаӡом. Зегь рботи, ираҳауеит. Ирыдыркылаз аӡбра ҳара иҳахәоны иҟаӡам. Ахада алхрақәа рышьҭахь азҵаара иӡбарц игәҭакуп. Уи иаанаго ажәлар рыпроблема иазынижьуеит ауп. Ҳара ҳаимыҵуам агәамсамеизакырҭа адмыркыкәа", - ҳәа иҳәоит Адлеиба.

Адлеиба иажәақәа рыла ирыдыркылаз аӡбрагьы АИХ рҟынтәи ауп иахьраҳаз, аиҳабыра рҟынтәи уаҩ дрыдымҵаалеит.

"Аиҳабыра рҟынтәи уаҩ дҳадымҵаалеит. Џьара аӡә дааиуазар ҳәа ҳаԥшуп. Адепутатцәа аарышьҭыр ҟалап, аха урҭгьы иҳарҳәои? Аӡәгьы игәра аагом. Ҳшыржьо аабоит", - ҳәа иҳәоит Адлеиба.

Аԥхьа, 2018 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аҟәа ақалақь Алашарбага араион ауааԥсыра еизеит Аҟәатәи ашкол №12 аҿаԥхьа, дҵаны иқәдыргылеит абри аҭыԥ инаркны хышәҟа метра ахьыбжьоу иҟоу агәамсамкаԥсарҭа адыркразы.

Уаанӡа ауааԥсыра рынхара рацәак иаԥырхаганы иҟамызт агәамсамкаԥсарҭа, аха уажәы иара аҽарҭбааит, 60 гектар рҟынӡа аҵанакуеит. Ааигәа-сигәа инхо ауаа рыбзазаратә ҭагылазаашьа аруадаҩуеит. Дара ирҳәеит ишеиԥырымҵуа атәыла ахада абри азҵаара иӡбаанӡа.

Акциа ҩымш ицон. Ауаа ҷаԥшьон амашьынақәа рмышьҭразы. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ԥхынҷкәын 4 рзы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит ари апроблема аӡбаразы.

Хәажәкырамзазы атәыла аиҳабыра аполигон аргыларазы 36 гектар адгьыл алыркааит Гәылрыԥшь араион аҿы.

Мшаԥы 4 рзы аԥыза-министр Валери Бганба абрифинг аҿы ирылеиҳәеит аполигон ҿыц ргылахоит ҳәа. Аргыларақәа ирылагоит лаҵарамзазы. Аԥаразоужьра мҩаԥгахоит Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0