"Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" Аԥсны ақалақьқәа ԥшьба рҟны имҩаԥысуеит

© Sputnik Владимир БегуновВ Сухуме написали "Тотальный диктант"
В Сухуме написали Тотальный диктант  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акциа рхы аладырхәыр рылшоит изҭаху зегьы.

АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акциа "Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа, Очамчыра, Гагра, Гәдоуҭа ақалақьқәа рҟны мшаԥы 13 рзы ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит акциа аиҿкааҩ Наталиа Каиун.

Всероссийская акция Большой этнографический диктант - Sputnik Аҧсны
"Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" лассы имҩаԥысраны иҟоуп

Акциа рхы аладырхәыр рылшоит изҭаху зегьы ҳәа лҳәоит лара. Ақалақьқәа рҿы аҭаҩрақәа ирылагоит асааҭ 11:00 рзы. Аҟәа, Очамчыра, Гәдоуҭа ақалақьқәа рҟны ауснагӡатә мҩаԥысуеит абжьаратә школе №2 аҟны, Гагра – макьаназ аҭыԥ алкаара иаҿуп.

Адиктант аҩра аԥхьа амастер-классқәа мҩаԥгахоит.

Сынтәи адиктант авторс дамоуп – еицырдыруа ашәҟәыҩҩы Павел Басински. Аҟәа дикторс дҟалоит Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр адиректор хада Иракли Хынҭәба.

Аԥсны раԥхьаӡа акәны адиктант аҩра мҩаԥыргеит 2014 шықәса рзы.

"Акциа аԥхьатәи ашықәс азы иалахәын 30-ҩык. Уажәы аҭыԥ ҳазхом. Сынтәа 150-ҩык рҟынӡа рхы аладырхәып ҳәа ҳаԥшуп. Аиҳарак урҭ ашколхәыҷқәа роуп. Ҳара иааир зҭаху зегьы ааҳаԥхьоит", - ҳәа лҳәоит лара.

Мҽхакыҭбаалатәи адиктант – жәларбжьаратә проектуп. Уажәы адунеи атәылақәа 80 рҟны 13-нтәуп иара мҩаԥыргоижьҭеи. Сынтәа адиктант аҳәаанырцәтә плошьчадка ҳәа иԥхьаӡоуп– Таллин.

Ажәабжьқәа зегьы
0