Аҷкәын қәыԥш Аԥснытәи атҟәацәа рлахьынҵа еиликаауан

© Sputnik / Томас Тхайцук"Ахьӡ архынҳәра"
Ахьӡ архынҳәра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дәрыԥшьтәи ашколхәыҷ иԥшааит аконцентрациатә лагерқәа рҿы иҟаз Аԥснынтәи атҟәацәа хҩык рҭоурых. Уи апроект "Ахьӡ архынҳәра" аҳәаақәа ирҭагӡаны Григори Скворцов икоманда ацхыраара зигәаԥхаз, ииԥшаарц ииҭахыз уҳәа ртәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.

Сариа Кәарацхьиаԥҳа, Sputnik

14-шықәса зхыҵуа дәрыԥшьтәи ашколхәыҷ Леон Чуаз аконцентрациатә лагер Дахау аҿы иҟаз Аԥснынтәи атҟәацәа хҩык рҭоурых.

Леон Чуаз - Sputnik Аҧсны
Арадио
Леон Чуаз: сымч-сылша зегьы хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иазыскыр сҭахуп

Леон Чуаз аԥхьа уахьынаихәаԥшуа иаабац ҷкәына-қәыԥшк иоуп. Аха иааигәаны дудырыр, уиҿцәажәар иубоит агәыҭбаа зызҭоу аӡә шиакәу. Ҩышықәса ирықәуп Леон Григори Скворцов икоманда дацхраауеижьҭеи, Аџьынџьтәылатә еибашьар Дуӡӡа аан аԥснынтәи хабарда ибжьаӡыз рыԥшаараҿы. Иара ҩыџьа арҟаԥшьуаа рҭаҳцәа иԥшаахьеит.

Ааигәа Леон Чуаз Германиатәи афашист концлагерқәа рҟынтә реиҳа ахыԥша цәгьа змаз алагер Дахау аҟны иҭакыз хҩык аԥснытәқәа рҭоурых еиликааит.

"Ари аҭоурых ахыҵхырҭа ду амоуп. Хәажәкыратәи аԥсшьарамшқәа раан Григори Павел-иԥа Скворцов аҭел дысзасит, исеиҳәеит Адлер дшынхо Дахау иҭакыз, нас уантәи ибналаз аветеран иӡбахә. Григори иҳәеит уи ауаҩ ҳиҿцааны ҳиацәажәарц", - ҳәа еиҭеиҳәоит Леон.

Леон Чуази хынтә афашистцәа рлагерқәа рҟынтәи абналара зылшахьаз Иван Паниухнои еибадырит. Иван Теренти-иԥа даниҿцәажәоз ауп раԥхьаӡа акәны дәрыԥшьтәи арԥыс аконцентрациатә лагерқәа рҿы иҟаз арыцҳара ду аӡбахә аниаҳаз.

"Иван Теренти-иԥа исзеиҭеиҳәеит алагер дышҭашәаз, уа ихигаз амыҟәмабарақәа, абналара шилшаз", - ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Ахьӡ архынҳәра, Гагра - Sputnik Аҧсны
"Ахьӡ архынҳәра": хабарда ибжьаӡыз Виктор Канџьариа ихаҭара шьақәыргылоуп

Аха аҷкәын қәыԥш изы реиҳа иџьашьатәхаз абриаҟара џьамыӷәа зхызгаз ауаҩы иахьа уажәраанӡагьы игәы еиҭамскәа, агәыӷра иманы дахьаанхаз ауп.

"Ҳаиԥылараан Григори Павел-иԥа иажәа ахы акрагьы дахьымыгӡакәа Иван Теренти-иԥа Паниухно "сара макьаназ 96 шықәса заҵәык роуп исхыҵуа, сқәыԥшуп" ҳәа лафла ацәажәара далагеит. Уи сара анырра ду снаҭеит", - ҳәа игәалаиршәоит Леон.

Иван Паниухно Леон Чуаз Дахау атҟәацәа ирызкыз ашәҟәы ииҭеит. Григори Скворцов ашколхәыҷ инапы ианиҵеит уа аԥсуа жәлақәа иԥшаарц.

"Аԥсуа жәлақәа ыҟазар алшон, избанзар Иван Теренти-иԥа иажәақәа рыла алагер аҿы милаҭрацәала атҟәацәа ыҟан", - ҳәа иҳәоит Чуаз.

Мышқәак роуп Леон ашәҟәы аԥхьара дахьадхалаз. Дзыԥхьаз даргачамкит. Алагер аҿы афашистцәа иҟарҵоз ухахьы аагара уадаҩын.

"Ашәҟәаҟынтәи сара еилыскааит атҟәацәа уаас ишырымшьоз. Иргәаԥхар, урҭ иҵааркыз аӡы иаладыргылон, иахьынӡазгылоз еилыркаарц, иргәаԥхар – цәҟьарас иҟарҵон. Уаҩы ихаҿы изаагарымызт уа иҟаз закәыз. Ашәҟәы санаԥхьа ашьҭахь аинтернет сҭалеит. Уаҟагьы иаҳәоз уи акәын. Ахаан сгәы иаанагомызт асеиԥш ауаҩы ауаҩы дизныҟәар илшоит ҳәа. Сара даҽакалаӡа адунеизбо салагеит еилыскааз ашьҭахь. Сара сабду иабгьы хабарда дыбжьаӡны дыҟан. Иалмшози уигьы абас еиԥш џьара дҭакызҭгьы", - ҳәа еиҭеиҳәоит Леон.

Ашәҟәаҿы Леон аԥсуа жәлақәа хԥа дрыниеит: Цыба, Аршба, Гәлиа. Иаразнакы Григори Скворцов аҭел дизасны иеиҳәеит.

"Сара аамҭакала сагьгәырӷьон, сыгәгьы сыхьуан. Ганкахьала арҭ ауаа рҭахцәа рхабар раҳауан, аҽа ганкахьала арҭ ауаа ирхыргаз амыҟәмабарақәа сгәы сдырхьуан", - ҳәа ациҵоит ицәажәараҿы Леон Чуаз.

Леон агәаҳәара ду имоуп – уи, 70 шықәса зхабар рзымдыруа иабду иаб илахьынҵак аилкаароуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0