Урыстәыла ААР атәылауаа ргәы рҽаннаҵеит Суданҟа ацара рҽацәырыхьчаларц

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла ААР
Урыстәыла ААР  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Судан атәылахьчара аминистр Авад ибн Ауф аҳәамҭа ҟаиҵеит Судан ар реилатәараҿы аӡбра рыдыркылеит атәыла ахада Омар аль-Башир дамхны ԥхьатәара дрышьҭырц азы, ар аҭагылазаашьа бзиан ишеилыркаауагьы атәыла хыла-гәыла аилалара алдыршом ҳәа.

АҞӘА, мшаԥы 12 — Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова аҳәамҭа ҟалҵеит Судан аполитикцәеи арратә мчрақәеи аҭакԥхықәра рымоуп, аҭагылазаашьагьы еицәартәуам ҳәа дышгәыӷуазы.

Судан атәылахьчара аминистр Ауф ибн Авад иара убасгьы иазгәеиҭеит 2005 шықәсазтәи Аконституциа амчра аанкылоуп ҳәа.

"Москва Судан аполитикцәеи арратә мчрақәеи аҭакԥхықәра рымоуп, аҭагылазаашьагьы еицәартәуам ҳәа иақәгәыӷуеит. Атәыла аҩныҵҟа аҭыԥ змоу апроблемақәа адемократиатә шьаҭа рыманы еилыргахарц азы ааԥхьара ҟаҳҵоит", - ҳәа лҳәеит Захарова.

Иҟоу аҭагылазаашьа инақәыршәаны Урыстәыла ААР атәылауаа ргәы рҽаннаҵеит Суданҟа ацара рҽацәырыхьчаларц.

"Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра атәылауаа ирабыжьнагоит Судан аамҭала раҭаара ԥыркырц", - ҳәа лҳәоит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак.

Америкатәи асанкциақәа аналаргалеи 2011 шықәса рзы Аладатәи Судан атәыла ианаҿыҵи рышьҭахь атәылаҿ аекономикатә кризис аҭыԥ ннакылеит. 2018 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны ажәлар рықәгыларақәа мҩаԥысуеит. Ажәлар ықәгылоит 30 шықәса раахыс атәыла ахадараҿы иҟоу Омар аль-Башир дықәҵразы.

Абри аамҭала аоппозициеи азинхьчаҩцәеи ишырҳәо ала 60-ҩык ауааԥсыра ҭахахьеит, зықьҩыла ауаа ырбаандаҩуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0