Аԥснытәи акаратистцәа ҳсимволика рҵәахырц ирырҭаз адҵа иақәшаҳаҭымхеит

© Foto / Виталий ЧитанаваКарате азы ачемпионат
Карате азы ачемпионат - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пиатигорск ақалақь аҿы мшаԥы 13-14 рзы имҩаԥысит карате киокусинкаи азы ачемпионат. Иара иалахәын аԥснытәи аспортсменцәагьы.

АҞӘА, мшаԥы 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи акаратистцәа ргәахы ԥнажәеит атурнир аӡбаҩцәа руаӡәк ркимоноқәа рҿы Аԥсны асимволика хырҩарц анрыдиҵа. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит карате киокусинкаи азы Аԥсны Афедерациа ахада Витали Ҷыҭанаа.

Ҷыҭанаа иажәақәа рыла ачемпионат аӡбаҩ хада ихаҭыԥуаҩ аспортсменцәа акимоноқәа рҿы амилаҭтә символика рҵәахырц рыдиҵеит.

"Акимоно амаӷраҿы иақәӡахыз ҳҳәынҭқарратә бираҟи ҳазлахәу жәларбжьаратәи аиҿкаара аемблемеи ҳҵәахырц ҳаиҳәеит. Ари ргәы ԥнажәеит ҳкомандеиԥш Ҟабарда-Балкариеи Ҟарачы-Черқьесиеи ркомандақәа. Уи ихымҩаԥгашьа аполитика иадҳәаламызт, иара зегьы акака рхиҳәаауан", - еиҭеиҳәоит Ҷыҭанаа.

Арҭ акомандақәа рыспортсменцәеи разыҟаҵаҩцәеи ас анакәха ачемпионат аҿы ҳақәгылом ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит. Абри ашьҭахь аӡбаҩ ихаҭыԥуаҩ иажәақәа шьҭахьҟа игеит, ҳаспортсменцәагьы ачемпионат иалахәхеит.

Зынӡа ачемпионат иалахәын 10-17 шықәса зхыҵуа 200-ҩык аспортсменцәа.

Аԥснынтәи 21-ҩык алахәын.

Ачемпионат аихшьаалақәа рыла аԥснытәи аспортсменцәа ахьтәы медалқәа фба ргеит, араӡны медалқәагьы фба, аџьазтә медалқәа хԥа.

Аԥсуа каратистцәа Ҟазахсҭан аԥыжәарақәа ргеит>>

Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Инал Тарканов, Илиа Анқәаб, Адамыр Ҳаџьымба, Анаида Мелкониан, Алан Иакубоӷлы, Сабина Кәарҷиаԥҳа.

Аҩбатәи аҭыԥқәа ргеит - Наур Аџьынџьал, Леон Шьакаиа, Виолетта Кондакчиан, Лера Џьалаӷониаԥҳа, Александр Воуба, Арианна Куржеева. Ахԥатәи - Роберт Карапетиан, Дмитри Куржеев, Демиан Леԥсаиа.

Аспортсменцәа азыҟарҵоит: Витали Ҷыҭанаа, Зураб Мурадиан, Ҭемыр Ҷыҭанаа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0