Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қәҭарба Цыба Сулеиман изы: "Бешикташ" аҵасқәа иара иҟынтә иаауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукҲаири Қәҭарба
Ҳаири Қәҭарба    - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭыркәтәылатәи ашьапылампылтә клуб "Бешикташ" ахәмарҩы, анапхгаҩы аԥсуа спортсмен Сулеиман Цыба диит мшаԥымза 15 рзы. Ашьапылампыл асҩы имаз аҳаҭыри, иара аклуб "Бешикташ" аҭоурых аҿы дшаанхаз ртәы арадио Sputnik аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ҳаири Қәҭарба.
Қәҭарба Цыба Сулеиман изы: "Бешикташ" аҵасқәа иара иҟынтә иаауеит

"1984 шықәса рзы "Бешикташ" аклуб анапхгаҩыс далырхит Сулеиман Цыба. 16 шықәса иара уа дыҟан. Уантә аклуб еиҳабыс далырхит, убас бзиа дырбон. Иара иаан "Бешикташ" фынтә Ачемпионацәа рлига аҿы аиааира агахьан. Ҭырқәтәыла аҩнуҵҟа ахраҿа агаразы хәынтә иаиааихьан. Сулеиман Цыба аклуб данахагылаз аамҭа "ахьтәы аамҭа" ҳәа иашьҭоуп. "Бешикташ" ануҳәалак, ауаа рхаҿы иааиуа, ауаа бзиақәа ахьыҟоу, аламыс ахьыҟоу аклуб ауп. Аамсҭашәала зхы мҩаԥызго аклуб ҳәа ауп ишырдыруа. "Бешикташ" аҵасқәа Цыба иҟынтә иаауеит, иара иҵасқәа иаԥсуара аҟнытә иаауеит ҳәа аҳәоит иҭоурых зну шәҟәык аҿы", - азгәеиҭеит Қәҭарба.       

Сулеиман Цыба – аԥсуаа рхылҵышьҭрақәа иреиуоу еицырдыруа аҭырқәа шьапылампыл асҩуп. 1984 шықәса инаркны 2000 шықәсанӡа ашьапылампылтә клуб "Бешикташ" дахагылан.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0