Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭаниаԥҳа: аԥсуаа культурас иҳамоу - ҳаԥсуароуп

© Фото : предоставлено Евой ТанияЕва Ҭаниаԥҳа
Ева Ҭаниаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи акультура амш азгәарҭоит мшаԥымза 15 рзы адунеи зегьы аҿы. Иаанагои аԥсуаа ҳзы акультура, насгьы иззырҳәода акультура зылжжуа ауаҩы - абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Ева Ҭаниаԥҳа.
Ҭаниаԥҳа: аԥсуаа культурас иҳамоу - ҳаԥсуароуп

"Ҳара ҳахдырра аус адызуло, ҳшьақәзыргыло, ҳаибызҭо, ҳара ҳмилаҭтә хаҿра ҳаманы ҳаиқәзырхо ҳбызшәоуп. Убызшәала уанхәыцуа, убызшәа иаҵоу уҵас, уқьабз наумыгӡар ауӡом. Уҭаацәа иуларааӡаз зегьы аԥыжәара агоит. Абызшәоуп ауаҩы дмилаҭны деибызҭо. Ус данышьақәгыла, ихдырра аныҳаракха, убасҟан ауп иара егьырҭ амилаҭқәа аниҿцаауа, аинтерес иманы данырбо. Аԥхьа амилаҭтә хаҿра гылазароуп еснагь. Ҳәарада, анҭыҵ ҳара ҳмилаҭ еиҭаҳәатәуп, аха убрахь инаагогьы ҳара ҳмилаҭтә цәа рыҟәнызароуп", - азгәалҭеит Ҭаниаԥҳа.

Ева Ҭаниаԥҳа лажәақәа рыла, аԥсуаа культурас иҳамоу ҳаԥсуароуп. 

"Ауаҩы ибызшәоуп иара дмилаҭны дшьақәзыргыло, уи ашьҭахь, ицәаҩатә ҟазшьақәа еидызкыло зегьы иаԥсуароуп. Уи аԥсуа изы ахымҩаԥгара иаднакыло аилкаароуп. Ҳәарада, ҳара культурас иҳамоу ҳаԥсуароуп. Сара сеилкаарала, акультура илыжжы дыҟоуп ҳәа ззаҳҳәо, зегь раԥхьа иргыланы аԥсуа цәаҩа зыҟәну, аԥсыуала иааӡоу, убри ианаваргыланы анҭыҵ дцәырҵуазаргьы, ицәыргиша аилкаара зманы иҟоу уаҩуп", - азгәалҭеит Ҭаниаԥҳа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0