АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Урыстәылеи НАТОи атәылауаҩратәи арратәи хырхарҭақәа рганахьала русеицура аанкылоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Грушко иажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.
"НАТО ахаҭа аусеицура мап ацәнакуеит. Еилкаашьагьы ыҟам НАТО абри аус ишалҵуа", - азгәеиҭеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Грушко.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Грушко ихшыҩдароуп ҳәа рзиҳәеит алианс аӡбарақәа, иагьазгәеиҭеит алианси Урыстәылеи русеицура Европа ашәарҭадара акыр иахәоит ҳәа.
"Урыстәылеи алианси иахьатәи реизыҟазаашьа "аибашьра хьшәашәа" аамҭа иеиԥшхеит. "Армель идоктрина" ҳазыхынҳәит, аха ари аформулаҿ адиалог аҭыԥ зынӡа имаҷӡоуп", - иҳәеит адипломат.
Иара иазгәеиҭеит НАТО арратә ныхрақәа ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны триллион доллар рыла ишазҳаз. Уи урыстәылатәи аныхрақәа раасҭа 22–нтә еиҳауп.
Аҵыхәтәантәи ашықәс азы алианс Урыстәыла аҳәаақәа зынӡа аҽырзааигәанатәит. НАТО уи "Урыстәыла агрессиа аанкылара" иазырхоуп ҳәа иаԥхьаӡоит.