"Акыр шықәса зхыҵуа аевкалипт ҵлақәа есышықәса абылра иаҿуп. Сынтәагьы ԥаса еиԥш ауаа адгаланы аҳәара ҟаҳҵеит амца ацрарымҵаларц, аха ҩаԥхьа амцакра ҟалеит. Уи ҳара ҳҟны мацара акәӡам, ԥаса ақыҭа аҳәаақәа ахьынҵәоз Мықә асавхоз инаркны амца адыркуеит. Уаантәи 20-25 гектар иреиҳаны адгьылҵакыра амҽхакны , амца ааскьаны амҩаду аҟны иҟоу акыр шықәса зхыҵуа аевкалипт ҵлақәа аблит. Ҵыԥх амца иацәынхаз аевкалипт ҵлақәа жәабаҟа-жәохәҟа ыҟан", - иҳәеит Ҵәыџьба.
Иара иазгәеиҭеит аевкалипт ҵлақәа ҩба- хԥа алоумҵозар, егьырҭ зегьы ааха ӷәӷәа рыҭоуп ҳәа.
"Уаҳа ишьақәгылап ҳәа сыҟам урҭ. Ҳара ҳадгьылҵакыраҟны хәба-фба ҵла рыда аанымхеит. Рыцҳарас иҟалаз аҟатагьы гылаӡам, уи ахьгылашаз амца иқәныблааит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҵәыџьба.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.