"Ҳара ҳаазқәылаз аҳәынҭқарратә ус аӡәы ишԥаҟаимҵари ҳәа ҳҽацәхьаҳкуа ҳалагеит. Абас ауп абри азҵаара иазхәыцраны иҟоу шазнеиуа. Аԥсны ирацәамзаргьы анапҟазацәа ыҟоуп. Абри "Ахьынапқәа" ҳәа афестивальгьы зеиҿаҳкааз, апроблема аӡбара зыхәҭоу неины иахәаԥшны, ухы иаурхәо акрыҟоума, амассатә ҟазшьа аҭаны аҭыжьра ауама гәарҭарц ауп. Аҳәынҭқарраҟны ари проблема дууп. Аӡәы ихала изырҿиаӡом. Иаҳҳәап, напҟазак мызкы ахь знык ҩба-хԥа хкы ҟаиҵар ҟалоит. Уи зхәарҭои зықьҩыла ауаа мҩахыҵуазар. Хырхарҭак ылхны абри амҩа ҳанылар бзиоуп. Ҳара ҳхаҿсахьа, ҳменталитет, ҳҵас, ҳаԥсабара иазааигәоу атематика зныԥшуа асувенирқәа ауаҩы дааины иаахәаны дцар ус бзиан. Ари Аԥсны аӡыргара ауп иаанаго, аҳәынҭқарратә цхыраара аҭахуп. Асувениртә фабрика ыҟан Аԥсны, апроблема зыӡбоз уи акәын. Иахьа уи аӡәгьы дашьҭаӡам, аха изызхәыцтәу усуп. Аӡәык –ҩыџьак хатәгәаԥхарала иҭацәу раамҭа алархыргоит, ак ҟарҵоит ҳәа уақәгәыӷны аҟазара узырҿиаӡом. Ари аус ишахәҭоу еиҿкаазар амал ҭанагалоит аҳәынҭқаррахь, аекономикагьы, Аԥсны аӡыргарагьы иацхраауан,аҟазацәагьы аусурҭа ҭыԥ, агәацԥыҳәара роуа иҟанаҵон", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.