Вышински: ара абахҭаҿы Порошенко изы рыбжьы рҭиӡом

© SputnikАпортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински
Апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Киевтәи аусӡбарҭаҿ иҭаку иахьатәи Украина ахада Пиотр Порошенко изы рыбжьы рҭиӡом ҳәа иҳәоит апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински.

АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински еиҭеиҳәеит Киевтәи аусӡбарҭаҿ иҭаку алхрақәа ирышьклаԥшуеит, иахьатәи Украина ахада Пиотр Порошенко бзиа дырбаӡом ҳәа.

Ажурналист иажәақәа рыла Пиотр Порошенко ихыччоит, аԥыжәара иоуп ҳәагьы иазыԥшым.

Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Евроеидгыла акомиссар: Вышински иаарласны доурыжьыр ҟалоит

"2014 шықәсазы Донбасс аибашьра мчыбжьқәак рыла салгоит ҳәа зҳәаз, аха нас уи аԥара аҭнухыр шауа еилызкааз атәыла ахада ихыччоит. Иахыччоит алхрақәа рыламҭалаз игхақәа ибо дахьалагаз", - ҳәа иҩуеит ажурналист РИА Новости ахь.

Иара убри аан ажурналист иҳәеит аччара ишаамҭам Порошенко даныҽхәо, аиҳаракгьы "Европа зегь рҟны иреиӷьу ар аԥысҵеит", визада Евроеидгыла анеира сара исыбзоуроуп аниҳәо.

Вышински иажәақәа рыла ара иҭакуп х-нызқьҩык инарзынаԥшуа абаандаҩцәа. Урҭ зегьы шамахамзар Порошенко дырцәымӷуп.

"Зеленскигьы даарак игәра ргом, избанзар ишьҭахь игыло украинатәи аолигарх Игор Коломоиски игага убарҭоуп. Порошенко аҵыхәтәанӡа амчра дшахьынҳалогьы рдыруеит. Убри ауп ирҭахы-ирҭахым Зеленски изы рыбжьы аҭира еиҳа изақәшаҳаҭу", - ҳәа иҳәоит иара.

Вышински иазгәеиҭоит Порошенко алхрақәа рышьҭахь абрахь даанагаргьы ҟалоит ҳәа.

Украина ахада иалхрақәа мҩаԥысуан хәажәкыра 31 рзы. Алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит мшаԥы 21 рзы. Аҩбатәи атур ахь инеиит Пиотр Порошенкои Владимир Зеленскии.

Москва - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи анаԥшыҩцәа Украина алхрақәа ирылахәхаӡом

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам. Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы. Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0