Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Терзиоӷлы Риҵатәи Сталин иԥсшьарҭа ҩназы: ацхыраара аҭахуп

© Foto / Предоставлено Энвером Терзи-оглыЕнвер Терзиоӷлы
Енвер Терзиоӷлы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Риҵатәи Сталин иԥсшьарҭа ҩны иахьатәи аҭагылазаашьеи, насгьы уи атурист имҩахыгара иахьынӡазыҟаҵоуи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит уи аҩны аиҳабы Енвер Терзиоӷлы.
Терзиоӷлы Риҵатәи Сталин иԥсшьарҭа ҩназы: ацхыраара аҭахуп

"Асезон ҳазыԥшуп. Ҳтәаны иауӡом, аусура ҳаҷуп, ауаа рацәаны иҳаднагалап ҳәа сгәы иаангоит. Ҵыԥх асезон анҵәамҭазы иҟаз амшцәгьа аԥхасҭа ӷәӷәа ҟанаҵеит, сынтәа асгьы рацәаны илеит, аусутә рацәаны иҳамоуп. Аӡын аҩнқәа зегьы асы илагылоуп, ацәаакыра аҭӡамцқәа ԥхасҭанатәуеит, есышықәса аиҭашьақәыргалартә усурақәа мҩаԥаагоит, ус ианыҟамҳамҵа, зынӡа иҿаасҭахоит. Аԥсшьаҩцәа ари аҭыԥ иазҿлымҳауп, еигәырӷьаны иаҭаауеит. Ҽнак зықьҩык раҟара ҳадаҳкылоит, дара ҳаԥсуара дҳарбоит. Аԥсшьарҭа ҩны цхыраара аҭатәуп. Ибааны игылоу аҩнқәа ықәганы аҿыц ҟаҵазар бзиан, арахь аҳауа рфарцаз аҳәынҭқар дуқәа ааргон. Ҳарагьы ҳхәыҷқәа араҟа иаангалартә еиԥш алшара рымазар бзиан", – ҳәа азгәеиҭеит Терзиоглы.

Лаҵарамза 1 Сталин иԥсшьарҭа ҩны мазеихоит аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы ҳәа азгәеиҭеит Риҵатәи Сталин иԥсшьарҭа ҩны аиҳабы Енвер Терзиоӷлы.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0