АҞӘА, мшаԥы 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ҩ-хьтәыки, раӡныки, џьазтә медалки ириааит аԥсуа ҽыҩқәа Краснодар 151-тәи аҽырыҩратә сезон аартраан. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҽыбӷаҟазаратә спорт афедерациа ахада Аслан Камлиа.
"Ҳара ҳҽыҩқәа жәба алахәын, урҭ рахьтә ԥшьба алҵшәа бзиақәа аадырԥшит. Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Гурам Арӡынба ашьацқьа злоу иҽыҩ 1600 метра иҟаз аҩраҿы. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәара иазкыз ахраҿазы аиндаҭлара рылаҳәан. Уа еиԥхныҩлон аԥсуа ҽыҩқәа, иагьаиааит Алхас Лакоба ашьацқьа злоу иҽыҩ 1400 метра иҟаз аҩраҿы", - иҳәеит Камлиа.
Иара убас Беслан Абҳазоу иҽыҩқәа аԥхьахәқәа ирыԥсахеит: актәи аҭыԥ ааннакылеит араԥ шьа злоу аҽыҩ 2000 метра аҩраан, ахԥатәи аҭыԥ - араԥ шьа злоу аҽыҩ, 1400 метра.
Аԥснытәи аҽыҩқәа хԥа Краснодартәи атәылаҿацә аҽырыҩраҿы аԥхьахәқәа ргеит>>
2019 шықәсазы Краснодар имҩаԥысуа аҽырыҩратә сезон 23 мшы ицоит. Уи Урыстәыла зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау ҽырыҩроуп.