АҞӘА, мшаԥы 20 - Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Ҩышықәса раахыс аинвестпрограмма инақәыршәаны шьаҭанкыла зыргылара нап арку Гагратәи абжьаратә школ №1 ҳазҭоу ашықәс азы ахархәарахь инашьҭхоит. Араҟа хаз-хазы иргылоуп аҵаратә процесс ахьымҩаԥысуа акорпусқәа ҩба, акттә зал, аспорттә зал. Аобиектқәа еиԥшьхоит иарку аиасырҭақәа рыла.
Аҵакыраҿы ицо аргылара иахылаԥшуа Ҭеимураз Ҷкотуа иажәақәа рыла, иахьазы ахыбрақәа рыҩнуҵҟа ахыркәшаратә усурақәа 90% мҩаԥгоуп.
"Аҵараҵара ахьымҩаԥысуа акорпусқәа рҟны 70 инарзынаԥшуа ауадақәа шьыхуп, аԥенџьырқәа аҭоуп, инхаз адашьма ақәҵареи, ашәқәа рҿаҵареи, амардуанқәа амаакырақәа рыҭареи роуп. Убас зехьынџьара инагоуп афымцатә цәаҳәақәеи, асантехникеи, ишьақәыргылоуп аҳауеиҭарсратәи амцаҽацәыхьчаратәи системақәа", - ҳаилиркааит иара.
Гагратәи аԥсуа школ 700-ҩык ахәыҷқәа аднакылартә иҟалоит.
Ҩышықәса раахыс ари аобиект аҿы аус руеит зыҩаӡара ҳараку, Аԥсныи аҳәаанырцәи рыҟнытә анџьнырцәеи аргылаҩцәеи.