Аԥсны ААР Шри-Ланка иҟалаз атҟәацрақәа инарымаданы ирыдышшылеит

© REUTERS / DINUKA LIYANAWATTEШри-Ланка иҟалаз атҟәацрақәа
Шри-Ланка иҟалаз атҟәацрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ирықәыӡбеит ланка жәлар ирзыруз атеррористтә актқәа.

АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дула ишрыдышшыло атәы зҳәо ашәҟәы рышьҭит Шри-Ланка Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь, уи атәылаҿы иҟалаз атҟәацрақәа ирыхҟьаны ауаа рацәа рҭахара инамаданы. Абри атәы аҳәоит аусбарҭа асаит аҟны.

"Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны гәалсра дула ирыдыркылеит шәыжәлар зҭадыргылаз ахлымӡаахра, акгьы зхарам аҭынч уааԥсыра рҭахара", - аҳәоит ашәҟәаҟны.

Иара убас, уа иазгәаҭоуп Аԥсны ААР изеиԥшразаалак атеррористтә актқәа ишырҿагылоу, иарбанзаалак ауаа ықәызхуа, аҭынчра ҵызшәаауа актқәа ишрықәыӡбо.

Шри-Ланка атҟәацрақәа ааба ҟалеит, ауаа рацәаҩны иҭахеит>>

Коломбо акатоликатә уахәамақәеи асасааирҭақәеи, иара убас егьырҭ араионқәеи рҟны Мшаԥныҳәа ианаԥылоз аамҭазы атҟәацрақәа ааба ҟалеит. Шри-Ланка аиҳабыра акоменданттә сааҭ аларгалеит. Аҵхәтәантәи адыррақәа рыла, иҭахеит 215 уааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0