Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат XIV атур ахәмаррақәа мҩаԥысит

© Фото : Peter Glaserархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь акоманда "Нарҭи" гәдоуҭатәи акоманда "Риҵеи" рыхәмарра мҩаԥысит аҟәатәи астадион "Динамо" аҿы.

АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампылтә клуб "Нарҭ" "Риҵа" иаԥнагеит 5:2 ҳәа. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ашьапылампыл азы Аԥсны алига адиректор Витали Федоренко.

"Нарҭ" заанаҵы XXVI ачемпионат аҟны аԥыжәара шаҭазгьы."Риҵа" ацыхәмарраангьы актәи атаим иалагӡаны ампылқәа ԥшьба ҭадыршәит ахәмарыҩцәа ҳәа азгәеиҭоит Федоренко.

Ахԥатәи аминуҭ азы ампылҭаршәра хиртлеит "Нарҭ" ахәмарыҩ Гига Бениӡе. 35-тәи аминуҭ азы 2:0 аԥыжәара алиршеит Асҭамыр Џьинџьолиа. Абри ашьҭахь минуҭқәак ааҵуаны Наур Ҵнариа акоманда ԥхьаҟа игеит 3:0 ҳәа. 43-тәи аминуҭ аан ампыл еиҭаҭаиршәит Гига Бениӡе. Аҩбатәи атаим аан гәдоуҭатәи "Риҵа" ахәмарыҩцәа Виктор Ԥимԥиеи Марат Агрбеи ирылдыршеит аҭак мпылқәа амбахь рынашьҭра, аха аҵыхәтәантәи ажәа "Нарҭ" иазынхеит, Владимир Виноградов ахәмарра 5:2 ҳәа ахыркәшара алиршеит.

XIV атур иатәу аҽа хәмаррак мҩаԥыргон "Гагреи" "Самырзаҟани" . Галаа ахәмаррахь иахьымнеиз иахҟьаны "атехникатә ҵахара" роуит. Витали Федоренко ишиҳәаз ала уи гала рымнеира зыхҟьаз автобус амҩан аԥхасҭахароуп.

Атурнир аҩныҵҟа реиҳа ампылқәа ҭазыршәыз ҳәа иԥхьаӡоуп ахәмарыҩцәа Шабаҭ Логәуеи Наур Ҵнариеи ("Нарҭ").

 

Ажәабжьқәа зегьы
0