Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Хагәышь: ахәыҷқәа рхатәы бызшәала ицәажәарцаз, аинформациа роуроуп аԥсышәала

© Sputnik / Томас ТхайцукБатал Хагуш
Батал Хагуш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы аҳәарала адҵа ҟаиҵеит аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиаразы аусмҩаԥгатәқәа рыдкыларазы. Инарҭбааны арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит афилологиатә факультет адекан, Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Баҭал Хагәышь.
Хагәышь: ахәыҷқәа рхатәы бызшәала ицәажәарцаз, аинформациа роуроуп аԥсышәала

"Иҳаҩсыз амчыбжь азы аилацәажәара ҳаман аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы аҿы. Ҳаарыԥхьеит еиуеиԥшым амаҵзурақәа рхаҭарнакцәа, еибаҳҳәеит иаҳҭаху - аԥсшәа ҩнаҭацыԥхьаӡа иҩныҩуазароуп ҳәа. Уи азы ахәыҷқәа аинформациа роузароуп аԥсышәала. Еизаҳгарц ҳҭахуп ахәыҷтәы дырраҭарақәа рсиа, ахәыҷтәы мультфильмқәа, аконцертқәа, ақәыргыламҭақәа уҳәа аԥсышәала иааҭыҵхьоу зегьы. Иаҳдыруазароуп иҳамоу асиа. Ахәыҷы идыруазароуп абри аамҭазы арбагала - аԥсышәала ицәажәо амультик шыҟало, адырраҭара шцо, ақәыргыламҭа ибар шилшо атәы", - ҳәа азгәеиҭеит Хагәышь.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0