Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аб Далмаҭ еиҭеиҳәеит Аԥснынтә Иерусалим амцаԥшьа аагаразы ицаз рныҟәара атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукАб Далмаҭ
Аб Далмаҭ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амцаԥшьа аагаразы Иерусалим иҟоуп Аԥснынтәи аԥшьаныҟәаҩцәа. Иарбан ҭыԥқәоу изҭаахьоу, ныҳәатә усмҩаԥгатәқәас рхы зладырхәхьеи, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит аԥсуа делегациа иалоу аб Далмаҭ.
Аб Далмаҭ еиҭеиҳәеит Иерусалим амцаԥшьа аагаразы ицаз рныҟәара атәы

"Амҽыша ҳааит Иерусалим, иаразнак Анцәа игылара ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы ҳнеит. Аныҳәара мҩаԥаагеит. Адырҩаҽны ҳҵеит Иаса Қьырса дахьиз аҭыԥ ахь, уаҟагьы аныҳәара ҳҽалаҳархәит. Еицқәаз зегьы Анцәа ҳиҳәеит ҳагәнаҳарақәа рзы ҳаҭаимҵарц, аимадара ҳауит. Анцәа аҵыхәтәаны дызнысыз имҩа зегьы ҳаргьы ҳанысит. Аҩашаҽны Иоанн иҟынтә аиира ахьидикылаз анаҭра аӡаҿы аныҳәара мҩаԥаагеит. Еицқәаз зегьы аӡы ҳҭалеит. Уинахыс, аҭыԥ ԥшьақәа иахьынӡаҳалшоз ҳарҭааит. Адунеи иқәынхо ақьырсианцәа Анцәа иҳаиҭеит иныҟәаҳгаша аџьар, иара ласхо иҟалааит. Аидара иага ихьанҭазаргьы, Анцәа дҳахәоит уи аныҟәгараҿы", - иҳәеит Аб Далмаҭ.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0