Аԥсуа драматә театр ақәыргыламҭа "Бернарда Альба лыҩны", Аҿар ртеатр ақәыргыламҭа "Қьалашьбеи" алахәуп Маиҟәаԥ имҩаԥысуа "Кавказский меловой круг" захьӡу атеатрқәа рфестиваль.
"Ҳақәгылара даара ибзиан ирыдыркылеит. Азал аҟнытә ҷыҭбжьык уаҳауамызт. Ҳаргьы актиорцәа уи ҳахәон, излаҳалшоз ала ибзиан ҳақәгылеит. Уадаҩрас иҳауз аиҭагара апроцесс шымҩаԥысыз ауп. Ахәаԥшцәа ақәыргыламҭа рзеиҭаргон зегьы ираҳауа, адинамик ала. Аурыс еиҭагамҭа ҳаргьы иҳаҳауан. Уи ԥырхага ҳнаҭеит, аха излауаз ала иаҳҭахыз агәыцә ишахәҭаз иҟаҳҵеит. Аҟәа ақәыргыламҭа ҩажәантә идҳарбахьеит, азалгьы еснагь иҭәын. Маиҟәаԥ ҳанықәгылоз аҽны иазгәарҭон адыга бираҟ амш, убри аҟнытә 800-ҩык зкуаз азал ҭәымызт, аха абжеиҳарак аҭыԥқәа аанкылан. Уи даара ҳгәы иаахәеит", - азгәеиҭеит Еныкь.
Афестиваль "Кавказский меловой круг" Маиҟәаԥ имҩаԥысуеит мшаԥы 22 - 28 рзы. Иара раԥхьаӡа акәны имҩаԥган 2005 шықәса рзы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.