Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҟалӷьԥҳа Чернобыльҟа лцаразы: хымԥада, сшәон, аха исуалԥшьан

© SputnikФируза Ҟалӷьԥҳа
Фируза Ҟалӷьԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 26, 1986 шықәса рзы Чернобыльтәи атомтә фымцатә станциаҿы амашәыр ӷәӷәа ҟалеит. Уи аԥырҟәҟәааразы Аԥснынтә ицаз дреиуан Аҟәатәи ахәышәтәырҭа амедиаҳәшьа Фируза Ҟалӷьԥҳа. Лара арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит дахьнеиз лыбла иабаз.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҟалӷьԥҳа Чернобыльтәи атомтә фымцатә станциаҿы иҟалаз атҟәацра иазкны

"Чернобыль ааха ӷәӷәа аныҟалаз шықәсык аҟара акәын иҵуаз ахәышәтәырҭаҿы аус зуеижьҭеи. Авоенкомат аҟнытә иааит адырра, ацхыраара шырҭаху атәы. Еиуеиԥшым ахәышәтәырҭақәа рҟнытә ҳаизырган, Қарҭ ҳрышьҭит, мызкы уа ҳаҟан, анаҩс аешелон еизганы ҳдәықәырҵеит. Аҭҟәаҵра ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтә ҩажәижәабатәи километр аҿы агоспиталь ду ааҳарҭит. Кавказтәи аокруг аҟнытә ҳара ҳауп цхыраарас раԥхьа уахь инеиз. Ацхыраара заҳҭоз шьҭа аԥсра ихықәгылаз ракәын, аиҳараҩык урҭ аҭыԥантәи ауааԥсыреи ҳаԥхьа ацхыраара ҳәа инеизи ракәын. Хымԥада, сазхәыцуан, иарбан шәарҭароу схы зҭасыргылоз, аха уи сара исуалԥшьан", - азгәалҭоит Ҟалӷьԥҳа.      

Амедиаҳәшьа илгәалалыршәоит дара ахәшәқәеи амыругақәеи рыла ишеибыҭан, аха зшьапы иқәдыргылаз ҳәа аӡәгьы дшыҟамыз. 

"Ҳара иҳарҭон аспирт, ҳачмазҩымхарц. Усҟан арыжәтә агьама сыздыруамызт, ҳқәыԥшамзи аҟнытә, ҳаԥхашьаны маӡала иаҳжәуан, есыҽны ҵәыцак азна. Ҳакәша зегьы цәҳәыран, еизҳауаз аҵыҵындра даара идуун, ҳаҽҳазнымкылакәа ианаҳфозгьы ыҟан", - еиҭалҳәоит Ҟалӷьԥҳа.      

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0