Ким Чен Ын Урыстәылантәи иԥсадгьыл ахь дхынҳәит

Анапаҵаҩра
Аҩадатәи Кореиа ахада иԥсадгьыл ахь дхынҳәит Урыстәыла иҟазаара хыркәшаны.

АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. КЖәРР ахада Ким Чен Ын Владивосток аанижьит Урыстәылаҟа раԥхьатәи ивизит хыркәшо ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ким Чен Ын иԥсадгьыл ахь ихынҳәра аламҭалазы ихы алаирхәит Владивосток адәыӷбаангыларҭаҿ иеиҿкааз ауснагӡатә. Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр Александр Козлови иареи Урыстәылеи Аҩадатәи Кореиеи ргимн иазыӡырҩит. Агимн нанагӡон Аҳаҭыртә ҟарул арра-ҿырԥштәы ԥсыԥтә оркестр ду.

Аҩадатәи Кореиа ахада Ким Чен Ын Владивосток днеиит мшаԥы 24 рзы - Sputnik Аҧсны
Ким Чен Ын Урыстәылаҟа иаара: Кореиатәи адгьылбжьахаҿ аҭагылазаашьа ҭышәыннартәалоит

Уаанӡа Приморие агубернатор Олег Кожемиако Ким Чен Ын диԥылеит, шьыбжьхьа еицырфеит ақьафурҭа "Лесная заимка" аҿы. Иара ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Ким Чен Ын Урыстәылаҟа сеиҭахынҳәуеит ҳәа шиҳәаз, Владивосток шигәаԥхаз.

"Лесная заимка" даҭаахьан Ким Чен Ын иаб, уаанӡатәи Кореиа ахада – Ким Чен Ир.

Ким Чен Ын Урыстәыла даҭааит мшаԥы 24 рзы. Мшаԥы 25 рзы Владимир Путини иареи еиԥылеит.

Аганқәа жәларбжьаратәи аҭагылазаашьақәеи аизыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0