Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габниа: аҳәынҭқарратә бызшәа ишахәҭоу идырны ачынмаҵурахь ауаа неиртә иаҳзыҟамҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГиви Габниа
Гиви Габниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидатцәа рзы аҳәынҭқарратә бызшәа адырразы аԥышәара шԥамҩаԥысуеи, Апарламент уи азы азакәан алагала ҟанамҵазар? Избан ари хырҩа зазуу? Абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, алхратә комиссиа хада алахәыла, азиндырҩы, Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы Гиви Габниа.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Габниа атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ изы аԥышәара иазкны

"Иахьатәи аамҭазы аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан амчра аиуит, абри азакәан ала ачынуаа, алхратә усқәа, аусӡбарҭақәа рҟны аума иҳалҳмыршеит аҳәынҭқарратә бызшәа ишахәҭоу идырны ачынмаҵурахьы рнеира. Ҳара иаадыруеит уи гра дуны ишҳамоу. Атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ - ари иреиҳау чын маҵоуроуп, убри азы, сгәаанагарала, иҟалоит иахьа алагалақәа ҟахҵар, ахаҭыԥуаагьы аԥышәара иахыслартә еиԥш. Ҳконституциаҿы иануп атәыла ахада даналырхуа, идыруазароуп аҳәынҭқарратә бызшәа, уаҟа дарбан уи ихаҭыԥуаҩ, аха абызшәазы азакәан аҿы иануп ачынуаа рхатәы бызшәа рдыруазар шахәҭоу. Атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ изы аԥышәара аҭаразы акәзар, уи алхаратә закәан аҿы иарбазар ҟалоит, уи уԥсахыр ауеит", - азгәеиҭеит Габниа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0