"Асовет Еидгыла аамҭазы маи 1 аныҳәа идеологиала иазааигәан, иахьа даҽакала иҟоуп, ҳхымҩаԥгашьа хазуп. Усҟан анхаҩы, аџьа збоз ауаҩы ихә ҽакала иршьон, ҳаҭыр иқәын, пату иман, аԥхьа ддыргылон. Иахьа аиҿкаарас иҟоу зегьы хатәуп, уала-ҭахыла ауп уахь еиҳаак ишнарго. Ԥыхьатәи асистема иацыз агәацԥыхәара иахьа иҟам. Маи 1 амш инакәызаалак схаҿы иаанхоит ныҳәа дуны. Аҿаргьы иахьа ишныҳәоу рдыруеит, аха рыцҳарас иҟоу ҵаҵӷәыс иамоу рыздыруам. Азҳара роуааит сыуаажәлар. Маи 1 аныҳәа ажәларқәа рыиашьара аззарҳауаз акәын. Кутол ақыҭан акультура ахан аҟны ҳауаажәлар зегьы еизаны ишәаҳәон, икәашон уи аҽны, аҽырыҩрақәа мҩаԥаагон, аҿар ампыл иасуан. Усҟан ақыҭаҟны 4-нызқьҩык инацны ауаа нхон, досу ирылшоз ала рҽеидкыланы, иԥшӡаны рхы мҩаԥыргон", - иҳәеит Гәыргәылиа.
Лаҵара 1 – ааԥыни аџьеи рныҳәа азгәарҭоит атәылақәа жәпакы рҟны.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.