Абылра ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы: Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаԥигеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПоследствия пожара в сухумской школе №2
Последствия пожара в сухумской школе №2 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 2 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаҧигеит Аҟәатәи 2-тәи ашкол аҟны иҟалаз абылра ахҟьа-ҧҟьақәа раҧыхра иазкны.

АҞӘА, лаҵара 2 – Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Апрокуратура хада анапы ианиҵеит амцакра афакт азы ҷыдалатәи аҭҵаарақәа рымҩаҧгара ҳәа аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит амца аанкылареи арцәареи рзы ҳәоуеиқәшәарала аусура шымҩаҧгаз.

Аҟәеи Аҟәа араиони абылраҽацәыхьчара аҟәша аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәыҵниа: Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҟны абылраҽацәыхьчаразы ирыгу шыҟоу раҳҳәахьан

"Иазгәаҭазарц сҭахуп амца арцәара иалахәыз зегьы қәнагала русура шымҩаҧыргаз. Ари ҳаҭырла ахә шьатәуп. Ирылшоз зегьы ҟарҵеит амца ахыбра егьырҭ аҭыҧқәа рахь ииасаанӡа аанкыларазы", - иазгәеиҭеит Ахада.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа иазгәеиҭеит абылра иацлаанӡа аанкылара шалыршаз. Амцакра амзызқәа рыҭҵаара хацыркуп. Аминистр иажәақәа рыла, еиҳа аҵабырг иазааигәоу амзыз афымцакаҭа аҟны иҟалаз ацәаҳәақәа реихькьысра ауп.

Аҧсны Аҳәынҭқарра акапиталтә аргылара аусбарҭа аиҳабы Игор Амқәаб иҳәеит ахыб зегьы аҧсахра шаҭаххо. Егьырҭ аҧхасҭақәа ртәы аҳәара ҳалшоит ахыбра атехникатә ҭагылазаашьа агәаҭара анаҩс.

Атәыла ахада абри аусбарҭа анапы ианиҵеит аамҭа кьаҿла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаҧгара.

Аҳәынҭқарра Ахада азҵаара ықәиргылеит иаанхаз аамҭазы, иара убас аҵарашықәс ҿыц инаркны арҵаратә процесс аиҿкааразы.

Аԥсны АҶА: ашкол амцаҽацәыхьчаратә дырраҟаҵага амамызт

Аҵареи аҭҵаарадырреи рзы аминистр иҳәеит ахәбатәи аклассқәа инадыркны ажәеизатәи аклассқәа рҟынӡа аҵаҩцәа рзы арҵаратә процесс ашәахьа лаҵарамза 6 инаркны Аҟәа ақалақь- алатәара-латәарадатә школ аҟны аиҿкааразы аӡбамҭа шрыдыркылаз атәы.

Светлана Аргун - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аргәынԥҳа: сынтәа аҵарашықәс ҳашкол аҟны ихҳаркәшартә аҭагылазаашьа ыҟам

Алагарҭатә классқәа рҵаҩцәа рҵара иацырҵар рылшоит хазхаҭалатәи ашкол "Альфа" ахыбраҟны. Даҽа аа-класск рҵаҩцәа рҵара апроцесс иацырҵоит 3-тәи Аҟәатәи абжьаратә школ аҟны.

Хәылҧазтәи аҵара аҟәшаҟны иҟоу аҵаҩцәа рурокқәа раамҭа 5 минуҭ иагырхахоит ишшоу аҵараамҭа хыркәшахарц азы. Адгәыр Какоба ишазгәеиҭаз ала, аҵаҩцәа апрограмма аиҳарак иахысхьеит азы аамҭа аркьаҿра ҟалоит.

Аспартакиада иалахәу рзы, иара убас згәабзиара уашәшәыроу заа аҧышәара зҭираны иҟоу, ишьақәыргылоу аамҭа инақәыршәаны Аҟәа ақалақь-алатәара-латәарадатә школ аҟны иахысуеит.

Амца ахыбра ахыб зегьы шамҽханакызгьы акласстә уадақәа рахь аиасра алдмыршеит.

Аҟәатәи ашкол №2 ахыбра ргылан 1870 шықәса рзы. Аԥхьанатә аҳәса рпрогимназиа ҳәа акәын ишыҟаз, хылаԥшра алҭон аҳкәажәԥҳәыс Мариа Федор-иԥҳа.

1904 шықәса рзы аҩбатәи аихагыла хагалан. 1909 шықәса рзы аа-класски иҟаз агимназиа ҳәа ахьӡырҵеит, аимператор Александр III иԥҳа, аҳкәажәҭыԥҳа Ксениа Александр-иԥҳа хылаԥшра азылуан.

ХХ ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа рзы Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ ҳәа еиҭаркит.

1942 шықәса рзы Александр Сергеи-иԥа Пушкин ихьӡ зху аурыс школ ахьыӡҵахеит. Асовет аамҭақәа раан ашкол азеиԥшҵаратә усҳәарҭаны иҟалеит.

1992-1993 шықәсқәа рызтәи аԥсуа-ақырҭуа еибашьраан ахыбра блит.

2008 шықәса рзы ашкол № 2 Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраарала еиҭашьақәыргылан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0