АҞӘА, лаҵара 2 – Sputnik, Бадри Есиава. "Ихьыԥшым" - абас ахьыӡхоит Аԥсны ахада изку асериал ҿыц, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҭыхра зыгәҭаку арежиссиор Ҭимур Ҭаниа.
"Асериал "Ихьыԥшым" Аԥсны ахада изкуп, иаалкны хадак изы акәымкәа зеиԥш ҟазшьаны. Асериал, ҳәарада аиумор ҟазшьа шаиуагьы еиҳарак адраматә жанр ауп изҵазкуа", - еиҭеиҳәоит Ҭаниа.
"Ихьыԥшым" ааба-жәаба сериа рыла ишьақәгылоит. Уажәы аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп. Апроцесс зегьы Аԥсны иҭыххоит.
Ҭаниа иара убасгьы ихиркәшеит акиносахьа "Один на миллион" асценари аус адулара, аха иарала акиносахьа аҭыхра игәҭакым.
Лаҵара 1 2019 шықәса рзы урыстәылатәи акинотетрқәа рҿы идырбахараны иҟоуп акиносахьа "Спасибо деду за победу".
Ҭимур Ҭаниа, аԥсуа актер, аԥсуа КВН алахәыла, акоманда "Нарты из Абхазии" акапитан, диит ажьырныҳәа 17 1980 шықәса рзы Аҟәа. 1998 шықәса рзы ААУ дҭалоит. Иара уброуп раԥхьаӡа акәны аиндаҭлара "Студенческая весна" даналахәха.
Ҭимур Ҭаниа дҭаацәароуп, хҩык ахшара драбуп.