Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Амцарцәаҩ Ханагәуа еиҭеиҳәеит раԥхьаӡа акәны амцеи иареи шеиқәшәаз

© Sputnik / Илона ХварцкияХанагәуа Рустам
Ханагәуа Рустам - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь Абылраҽацәыхьчаратә ҟәша аиҳабы Рустам Ханагәуа Амцарцәаҩ Жәларбжьаратәи имш аҽны арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашәарҭара зцу азанааҭ бзиа ишибаз.
Хра злоу ахҭысқәа: Ханагәуа амцарцәаҩ изанааҭ иазкны

"Мшаԥымза 1, 2009 шықәса рзы аусура салагеит. Мызкы аҟара амцакрахь сцомызт, ахҭысқәа ыҟамызт. Алекциақәа рахь сныҟәон. Иҭысҵаауан сусура. Сҩызцәа алаф сылархуан, "мызкы аусура ҳамам, ҳгәы ҿыӷьит, уи уара уоуп изхароу" ҳәа. Раԥхьаӡа акәны сахьҭыҵыз Абазаа рымҩаду аҟны игылаз афымцатә станциа амцакраан ауп. Ахәша аӡы ақәуҭәар еиҳагьы амца акуазаарын. Ус еиԥш ахҭысқәа раан иаҭаху иҷыдоу ашәаҟьа ауп, аха уи аамҭаз иахьеиԥш ҳаиқәшәамызт. Ахәша аӡы анақәысҭәа, амца сыжәлеит, сыхҭырԥа иамаз ахыхьчагатә саркьа сахьчеит. Усҟан сдақәа рҿы еилашыз сшьа иснаҭеит алшара сзанааҭ еиҳагьы бзиа абара. Амца сыхнахит. Исгәаԥхеит ауаа ацхыраара рыҭара, ауаа гылан ианухәаԥшуа, аӡәгьы дахьзымнеиуа аҭыԥ ахь уара уаннеиуа - ари хаҵа усуп ҭынч ԥсҭазаараҿы", - азгәеиҭеит Ханагәуа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0