Sputnik ахаҭарнакцәа Аҟәа ақалақь ауааԥсыра Аиааира амш рыдырныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукSputnik ахаҭарнакцәа Аҟәа ақалақь ауааԥсыра Аиааира амш рыдырныҳәалеит
Sputnik ахаҭарнакцәа Аҟәа ақалақь ауааԥсыра Аиааира амш рыдырныҳәалеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацҳа ҟаԥшьи Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәеи рыҟны имҩаԥысыз акциа иалахәын аволонтиорцәа – Аҟәатәи ашьхарыуаа рышкол №10 аҵаҩцәа, Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" ахаҭарнакцәа, Аԥсны ААИ аусзуҩцәа.

АҞӘА, лаҵара 7 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акциа "Георгиатәи ацаха" Аԥсны еиҿнакааит Sputnik Аԥсны. Акциа сынтәа имҩаԥгахеит лаҵара 7 рзы.

Беслан Ҵәыџьба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҵәыџьба еиҭеиҳәеит Аиааира Ду амш азы имҩаԥгахо апарад атәы

Ацҳа ҟаԥшьи Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәеи рыҟны имҩаԥысыз акциа иалахәын аволонтиорцәа – Аҟәатәи ашьхарыуаа рышкол №10 аҵаҩцәа.

Ашколхәыҷқәа алентақәа рзыршон аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи. Ирацәаҩын иазгәазҭоз Аиааира амш Урыстәылеиԥш Аԥсны иқәынхо ажәларқәа рзгьы акрызҵазкуа ҭоурыхтә ныҳәаны ишыҟоу.

"Шамахамзар иҟам аԥсыуа ҭаацәарак Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҭоурых иадҳәалам. Сара саб деибашьуан. Керчь дҭахеит. Еергьҳәа дысгәалашәоит, аха ҳҭаацәараҿы аибашьра аӡбахә еснагь иалацәажәон", - ҳәа еиҭеиҳәоит ақалақь ауаҩԥсы Игор.

© Sputnik / Томас ТхайцукSputnik ахаҭарнакцәа Аҟәа ақалақь ауааԥсыра Аиааира амш рыдырныҳәалеит
Sputnik ахаҭарнакцәа Аҟәа ақалақь ауааԥсыра Аиааира амш рыдырныҳәалеит - Sputnik Аҧсны
Sputnik ахаҭарнакцәа Аҟәа ақалақь ауааԥсыра Аиааира амш рыдырныҳәалеит

Имаҷҩым Урыстәыла атәылауаа арҭ аныҳәамшқәа Аԥсны изхызго, ара аныҳәа иаԥыло. Самара инхо Мариа лажәақәа рыла лыҩны дшацәыхароугьы аныҳәамш аҽны Аиааира апарад абарахьы днеиуеит.

Аиааираз амарш хада аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

"Ҳара есышықәса апарад ахь ҳнеиуеит. Сынтәа арҭ аныҳәамшқәа Аҟәа иаҳхаагарц ҳаӡбеит, аха ҳатрадициақәа ҳаԥсахуам. Сабду деибашьуан. Саныхәыҷыз аахыс исгәалашәоит иажәабыжьқәа. Еиҵагыло аҿаргьы ҳаибашьцәа рфырхаҵара ахаршҭра азин рымам", - ҳәа лҳәоит лара.

© Sputnik / Томас ТхайцукSputnik ахаҭарнакцәа Аҟәа ақалақь ауааԥсыра Аиааира амш рыдырныҳәалеит
Sputnik ахаҭарнакцәа Аҟәа ақалақь ауааԥсыра Аиааира амш рыдырныҳәалеит - Sputnik Аҧсны
Sputnik ахаҭарнакцәа Аҟәа ақалақь ауааԥсыра Аиааира амш рыдырныҳәалеит

Акциа мҩаԥысуан Ацҳа ҟаԥшь аҿы. Ара ашколхәыҷқәа ирыцлеит Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" ахаҭарнакцәа, Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа. Аволонтиорцәа ацахақәа амашьынарныҟәцаҩцәа иддыркуан, аныҳәа рыдырныҳәалон, рымҩаҿ аманшәалара рзеиӷьаршьон.

Ԥшь-сааҭк рыҩныҵҟа 700 лента ауааԥсыра ирызшан.

"Георгиатәи ацаха" раԥхьатәи акциа мҩаԥысит 2005 шықәса рзы. Нас иара традициак аҳасабала ишьақәгылеит. 2015 шықәса рзы иара еиднакылеит Урыстәыла арегионқәа, СССР уаанӡатәи атәылақәа, Бырзентәыла, Франциа, Италиа, Латвиа, Великобританиа, ЕАА, Германиа, Китаи, Вьетнам, Бельгиа, Афганистан уҳәа жәабала атәылақәа рҿы.

© Sputnik / Томас ТхайцукSputnik ахаҭарнакцәа Аҟәа ақалақь ауааԥсыра Аиааира амш рыдырныҳәалеит
Sputnik ахаҭарнакцәа Аҟәа ақалақь ауааԥсыра Аиааира амш рыдырныҳәалеит - Sputnik Аҧсны
Sputnik ахаҭарнакцәа Аҟәа ақалақь ауааԥсыра Аиааира амш рыдырныҳәалеит

Акциа Аԥсны ихацдыркит 2010 шықәса рзы. Иара ашьаҭаркыҩцәа иреиуоуп: Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра, Аҟәа ақалақь Ахадара, Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа.

Миллионҩыла ауаа рзы "Георгиатәи ацаха" абиԥарақәа реимадареи агәалашәареи ирбаҟоуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукSputnik ахаҭарнакцәа Аҟәа ақалақь ауааԥсыра Аиааира амш рыдырныҳәалеит
Sputnik ахаҭарнакцәа Аҟәа ақалақь ауааԥсыра Аиааира амш рыдырныҳәалеит - Sputnik Аҧсны
Sputnik ахаҭарнакцәа Аҟәа ақалақь ауааԥсыра Аиааира амш рыдырныҳәалеит

 

Ажәабжьқәа зегьы
0