Агәамсамеизакырҭа аполигон ахьыргылахо адгьыл акатегориа ԥсахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАгәамсамеизакырҭа
Агәамсамеизакырҭа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполигон ҿыц иазыԥхьагәанаҭоит ацрыҵқәа рыҟреи иара убасгьы апластики ацеллофани Аԥсны ралгара.

АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Аԥыза-министр Валери Бганба инапы аҵеиҩит ақәҵара "Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ 36 гектар иҟоу адгьылҭыԥ" ақыҭанхамҩатә хықәкы змоу адгьылқәа" ркатегориа аҟынтәи " ааглыхра, атранспорт, аимадара, атәылахьчара, аҽа хархарҭа ҷыдак" акатегориахь аиагаразы". Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

Агәамсамкаԥсарҭа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апарламент Гәылрыԥшь араион аҿы аполигон аргылара иақәшаҳаҭхеит

Анапы зҵаҩу ақәҵара анагӡара хылаԥшра аҭара анапы ианҵоуп адгьылхархәареи акадастри рзы Аԥсны аҳәынҭусбарҭа.

Мшаԥы 4 рзы имҩаԥысыз абрифинг аҿы Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба иазгәеиҭеит аполигон аргылара 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аԥсны аҿиаразы Аинвестициатә программа ишаҵанакуа, аполигон аргыларазы 36 гектар адгьыл шазыԥшаау.

Абҵара 30 2019 шықәса рҟынӡа иргыланы, ахархәарахь ирыҭахоит еихшо абзазаратә црыҵ аҵәахырҭа полигон.

Аполигон аргылараз аԥаразоужьра азҵаара иалацәажәараны иҟоуп 2019 шықәса лаҵарамзазы имҩаԥысраны иҟоу Аԥсныи Урыстәылеи Риеҳабырабжьаратә комиссиа аилатәараҟны.

"2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аԥсны аҿиаразы Аинвестициатә программала аполигон аргылара иазоужьхоит 120 миллион мааҭ аԥара. Лаҵарамзазы имҩаԥысраны иҟоуп Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара. Аԥаразоужьра шаамҩаԥгахалак апроекттә усурақәа хацыркхоит", - иҳәоит иара.

Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба иажәақәа рыла, агәамсам аус еиҭадырулалоит, убри аан хаз-хазы еихыршалоит.

Рауль Ҳаџьымба Аҟәа ақалақь аҿы абзазаратә црыҵ кьакьақәа рыҵәахра азҵаарақәа инарыдҳәаланы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит. Аилатәара алкаақәа инарықәыршәаны Алашарбага араион аҿы иҟоу агәамсамкаԥсарҭа адыркуеит 2019 шықәса абҵарамза 30 рзы.

Аполигон аргылара, аекологиатә, агиодезиатә, агидрологиатә, агеологиатә ҭҵаарақәагьы абрахь иналаҵаны фымз рҟынӡа иадхалоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0