Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Марганиа Владимир Аршба изкны: иԥсадгьыл азы дбылуан

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны ашәарҭадаратә маҵзура анапхгаҩы Зураб Марганиа
Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура анапхгаҩы Зураб Марганиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратә, аполитикатә, арратә усзуҩ Владимир Аршба иԥсы ҭазҭгьы лаҵарамза 7 рзы ихыҵуазаарын 60 шықәса. Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура анапхгаҩы Зураб Марганиа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Владимир Аршба зыԥсадгьыл азы ӷәӷәала згәы былуаз шиакәыз.
Еицырдыруа ахьыӡқәа: Зураб Марганиа Владимир Аршба изкны

"Владимир Гьаргь-иԥеи сареи ҳаибадырит аибашьра ианалага. Иара уи аамҭаз Аԥсны атәылахьчара аминистрра дахагылан. Владимир зыԥсадгьыл бзиа избоз, зынӡак иџьбарамыз, аха сзанааҭ здыруаз, зус ҭакԥхықәрала иазнеиуаз иакәны дыҟан. Иара атәылахьчараан имҩаԥысуаз ажәыларақәа зегьы дрылахәын, уи аганахьала иус бзиан идыруан. Афганистан иоуз аԥышәа Аԥсны хархәара азиуан. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан иҳақәымҿиаз  ианартәи марттәи ажәыларақәа раан иҭахаз аибашьцәа, иҟаз аԥсыҭбара рацәа, игәы иасит, игәабзиара анырра ӷәӷәа анаҭеит. Ирласны идунеи ахьыиԥсахызгьы уи ауп ҳәа сгәы иаанагоит. Владимир Аршба еиԥш иҟаз, зыԥсадгьыл азы ибылуаз, ауаа рцара зегьы рзы цәыӡ дууп", - ҳәа азгәеиҭеит Манаргиа.      

Владимир Аршба диит лаҵарамза 8 1959 шықәса рзы Қарҭ ақалақь аҟны. 1980 шықәса рзы далгоит Қарҭтәи иреиҳаӡоу артиллериатә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа. Германиа игылаз асовет ар дрылахәын.

Владимир Аршба - Sputnik Аҧсны
Иԥсҭазаара далҵит Владимир Аршба

1991 шықәса рзы Владимир Аршба Тҟәарчал ақалақь арратә комиссарс дҟаҵан. 1992 шықәсазы – Аҩныҵҟатәи ар рполк аҷыда ҟазшьа змоу абаталион акомандирс дыҟан. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәылан.

1992 шықәсазы Аршба Аԥсны Арратә мчрақәа ркомандаҟаҵаҩыс дҟаҵоуп, 1992 шықәса жьҭаара 11 инаркны Аԥсны Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа неигӡон.

1992 шықәсазы дхәын.

1993 шықәсазы – Аԥсны Атәылахьчара аминистр.

1993 шықәсазы арратә зҵаарақәа рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иабжьагаҩс дҟаҵан, аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны Арратә комиссарс дҟаҵан.

2008 – 2009 ашықәсқәа рзы Владимир Аршба Аԥсны Ахада арратә зҵаарақәа рзы иабжьагаҩс дҟаҵан,

2009 – 2015 ашықәсқәа рзы Аԥсны Амиграциатә маҵзура дахагылан.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0