Џьалаӷаниаԥҳа: сабду аԥшьбатәи ихшара лбара дахьымӡеит, салам шәҟәыла ауп ишеиликааз

© Foto / предоставлено семьей ДжалагонияФатима Џьалаӷаниаԥҳа, аибашьра ду аветеран Лиова Пила-иԥа имаҭа
Фатима Џьалаӷаниаԥҳа, аибашьра ду аветеран Лиова Пила-иԥа имаҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы хабарда ибжьаӡыз Лиова Пила-иԥа Џьалаӷаниа иҭоурых дазааҭгылоит имаҭа Фатима Џьалаӷаниаԥҳа.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ахыԥша ԥсыуа ҩнаҭацыԥхьаӡа изхьымкьысыц ыҟам. Аибашьра еибганы иалҵыз, хабарда ибжьаӡыз, ахәрақәа зманы ихынҳәыз рхыԥхьаӡара маҷҩым.

Ахьӡ архынҳәра, Гагра - Sputnik Аҧсны
"Ахьӡ архынҳәра": хабарда ибжьаӡыз Виктор Канџьариа ихаҭара шьақәыргылоуп

Ҳазҭагылоу аамҭазы еиҳагьы хьаала ҳазнеиуеит зыԥсы ҭаны иҳамаз аветеранцәа есааира рхыԥхьаӡара иахьагхо. Узеигәырӷьаша хҭысуп уҳәаратәы иҟоуп, хабарда ибжьаӡны иҟаз аветеранцәа атехнологиатә хархәагақәа рыла, уи амаҵ азызуа ауаа рыбзоурала рыԥшаара ахьалыршахо, рҭынхацәа дара анышә иахьамадо аҭыԥқәа иахьырҭаауа. Шаҟаҩгьы рашьцәа, рыҷкәынцәа, рыԥшәмацәа мышкымзар мышкы ихынҳәуеит, рхабар ҳаҳауеит ҳәа агәыӷра шрымаз имҩасхьоузеи?.

Ишырҳәо еиԥш, дарбанызаалак ауаҩы имоуп иара ихатәы лахьынҵа, изыԥҵәоу аԥсҭазаара аҿҳәара. Насыԥуп, уи аҭынч жәҩан аҵаҟа ианымҩасуа.

Очамчыра араиан Кәтол ақыҭа ииз Лиова Пила-иԥа Џьалаӷаниа диит 1912 шықәса рзы. Иара дҭаацәаран, хҩык ахшара драбын. Иԥшәмаԥҳәыс Ԥерцхьелиа Сҭычкәа Озбақь-иԥҳаи иареи аԥсҭазаара иацгәырӷьо, рҳәоу еиқәшәаны еицынхон-еицынҵуан. Аха, ус иҟалеит аибашьра ду, еимгеимцарак ала Џьалаӷаниаа рҭаацәаратә ԥсҭазаара зыԥсахыз.

© Foto / предоставлено семьей ДжалагонияАибашьра Ду аветеран Лиова Пила-иԥа Џьалаӷаниа
Џьалаӷаниаԥҳа: сабду аԥшьбатәи ихшара лбара дахьымӡеит, салам шәҟәыла ауп ишеиликааз - Sputnik Аҧсны
Аибашьра Ду аветеран Лиова Пила-иԥа Џьалаӷаниа

Фатима Џьалаӷаниаԥҳа, аибашьра ду аветеран Лиова Пила-иԥа имаҭа лоуп. Лара даара хьаас илымоуп, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду еибганы изалымҵыз, насгьы иахьа уажәраанӡа хабарда ибжьаӡны иҟоу лабду ихабар аилкаара. Лыгәҭыха, насгьы лабду иӡбахә ала илдыруа ҳарҭгьы иҳацеиҩылшеит.

"1942 шықәсазы анемец фашист Асовет Еидгыла данақәла, иқыҭа ҷкәынцәа зегьы реиԥш, сабдугьы раԥхьатәи амш инаркны еибашьра дцеит. Уи аамҭазы санду аԥшьбатәи ахшара лира дазыԥшын. Сабду иԥҳа еиҵбы дышиз асалам шәҟәы ала ауп ишиаҳаз, уи ила иабартә еиԥш аҭагылазаашьа имоуит", - лхәыцрақәа ҳацеиҩылшон Фатима Џьалаӷаниаԥҳа.

Апроект Ахьӡ архынҳәра - Sputnik Аҧсны
Апроект "Ахьӡ архынҳәра" Шьоҭа Шәардлаа илахьынҵа шьақәнаргылеит

Аԥсуа ԥҳәыс аҭаацәаратә ԥсҭазаараҿы лара лхатә ҭыԥ ҷыда аанылкылоит, ахәышҭаара амца ҿызмырцәаауа, аҿиара еихазҳауа ҳәа дыԥхьаӡоуп. Убас еиԥш, Лиова иԥшәма ԥҳәыс аидара хьанҭа лыжәҩахыр иқәлеит, еибарыла лыхшара рааӡара лқәашьхеит.

"Санду илыԥгылаз ауадаҩрақәеи лхьаақәеи дыриааины лыԥшьҩы лыхшара лааӡар акәхеит. Лара лхы акгьы иаҵамырхакәа, лгәырҩа лгәаҵаҿы иҵәахуа, илылымшозгьы лылыршауа , ахьҭеи амлеи иамыркыкәа лхәыҷқәа лшьапы иқәлыргылеит. Лыԥшәмеи лареи уаҳа изеибамбакәа лыԥсҭазаарагьы еиҭалкит", - дҳацәажәон Фатима.

Лиова Џьалаӷаниа 1942 шықәса анҵәамҭазы хабарда дыбжьаӡит Днепрапетровск, Украина азааигәара. Иара иҭаацәа иара ихьӡала ихаҭәаау ажәабжь, мамзаргьы иԥсыжырҭа иахьа уажәраанӡа еилкааны ирымам.

"Санду даара агәыӷра лыман лыԥсы шҭаз лыԥшәма ихабарк лаҳауазар, инышәнап ахьыҟоу лзеилкаауазар ҳәа. Абас дшыгәжәажәоз, лыԥшәма ибара дшаргәаҟуаз, иаара дшазыԥшыз лыдунеи лыԥсахит 1998 шықәсазы. Сандуи сабдуи ирыхшаз аиҳабы лыԥсҭазаара далҵхьеит, егьырҭ ахҩык иаанхаз даара ргәы иҵхоит, иақәгәыӷуеит иахьа уажәраанӡа зхабар рзымдыруа раб иӡбахә раҳартә еиԥш аҭагылазаашьа роуазар", - лҳәеит Лиова имаҭа.

Лиова Џьалаӷониа иҵакыра дууп, ихшара, имаҭацәа, урҭ ирхылҵыз зегьы анааизалак уреигәырӷьаратәы иҟоуп, 50-ҩык инарзынаԥшуеит.

"Сабду имаҭацәа хҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит. 30 шықәса дшырҭагылаз руаӡәк машәырла дҭахеит, аҩбатәи ачымазара дзацәымцеит, сара сашьа 24 шықәса зхыҵуаз Ҭемыр Џьалаӷаниа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы дҭахеит, иԥсадгьыл ахьчара ихы ақәиҵеит, дҭаацәарамызт. Иахьа, иҭынханы иҳамоу иара иқәыԥшра зхыҳәҳәала иҟоу ифотосахьақәа заҵәык рауп", - лхьаақәа ҳацеиҩылшон Фатима.

Фатима Џьалаӷаниаԥҳа лхәыҷрашықәсқәа ахьымҩаԥысуаз Кәтол ақыҭа лаб игәараҭаҿы еснагь аԥсуара аҳра ауан, лан Заира Нестор-иԥҳа Лацәыш Аԥсны зҽаԥсазтәыз рҵаҩын, акыр шықәса ашкол аҟны инеиԥынкыланы аус лухьан, абиԥарақәа еиҵалааӡахьан, ааигәа лыԥсҭазаара далҵит.

"Сандуи, сашьеи, сани анышә иахьамадоу Кәтол рҳаҭгәынқәа рҟны ҳаннеилак, саб иабжьгарала, аҩы-аӡы хаҳҭәалоит сабду ихьӡалагьы. Ателехәаԥшра санахәаԥшуа избалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан хабарда ибжьаӡыз рыӡбахә рҭынхацәа ианраҳауа, уи сара даара сгәы арԥшаауеит, сгәаҵаҿы гәыӷракгьы аацәырҵуеит ҳабду иӡбахә мышкымзар-мышкы ҳарҭгьы ишԥаҳмаҳари ҳәа", - ҳәа азгәалҭоит Фатима Џьалаӷаниаԥҳа.

Агәымшәаразы амедал занашьоу, Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Ҭемыр Џьалаӷониа - Sputnik Аҧсны
Арыцҳашьара илан, ауаҩы изы иԥсы ҭихуан: аибашьҩы Ҭемыр Џьалаӷониа иҭоурых

Фаима Џьалаӷаниаԥҳа аҳәара ҟалҵоит лыбжьы заҳауа , абри аус знапы алаку зегьы рахь ацхыраара рырҭарц рабду ихабар аилкаараҿы. Хымԥада, уи дара рзы аҵак ду амоуп.

"Иахьа зыԥсы ҭаны Аԥсны иқәынхо ҳветеранцәа, аибашьра хлымӡаах иагәылсыз зегьы ирыдысныҳәалоит Аиааира ду 74 шықәса ахыҵра. Ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, ақәра нҵыра ду. Дара рҿырԥшала еиҵааӡоу абиԥарақәа аԥеиԥш бзиа рымазааит. Уаҳа ари адунеиаҿы ахааназы еибашьра ҟамлааит, еснагь аҭынчра ыҟазааит", - лҳәеит Фатима Џьалаӷаниаԥҳа.

Аамҭа иаӡрыжәыз, аибашьра амца шыра иалҵны аҭынч ԥсҭазаара зҽазызшәаз Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа рыхьӡ-рыԥша хашҭра ақәым. Агәыӷра ҳамоуп Фатима лабду еиԥш хабарда ибжьаӡны иҟоу ҳаибашьцәа рыӡбахә рҭаацәа рҟынӡа инаӡап, ргәыӷра рмеижьап ҳәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0