АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр Валери Бганба даҭаауеит Донецктәи жәлар рреспублика ахралаҳәара амш инаркны 5 шықәса аҵра иадҳәалоу агәырӷьаратә уснагӡатәқәа, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара асаит аҟны.
Аԥсуа делегациа иара убас иалахәуп Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Жәлар Реизара адепутатцәеи.
Агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа рылахәразы Донецктәи жәлар рреспубликахь инеиуеит Урыстәылеи, Лугансктәи жәлар рреспубликеи, Алада Уаԥстәылеи, Чехиеи, Словакиеи рҟынтәи асасцәа.
2014 шықәса лаҵара 11 рзы Донецктәи жәлар рреспублика имҩаԥнагеит ахалаҟазааразы ареферендум. Адырҩаҽны, лаҵара 12 рзы, ареферендум алҵшәақәа рылаҳәара ашьҭахь, ДЖәР аиҳабыра ареспублика асуверенитет рыларҳәеит.