Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бениа ахәшьара ҳаракы риҭеит Дәрыԥшь имҩаԥгаз аҽыбӷаҟазацәа реицлабрақәа

© SputnikЏьарназ Бениа
Џьарназ Бениа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак ахантәаҩы Џьарназ Бениа арадио Sputnik аефир аҟны еихишьаалеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира аҳаҭыр азы Дәрыԥшь ҩымш имҩаԥысуаз аҽыбӷаҟазацәа реиндаҭларақәа.
Бениа ахәшьара ҳаракы риҭеит Дәрыԥшь имҩаԥгаз аҽыбӷаҟазацәа реицлабрақәа

"Ахәмаррақәеи аҽырыҩрақәеи реихшьаалақәа рыла, 180 кәатала рыманы актәи аҭыԥ ааныркылеит Ҟәланырхәаа, аҩбатәи аҭыԥ - Аҷандараа, 149 кәатала рыманы, ахԥатәи - Дәрыԥшьаа, 145 кәатала рыманы, - иҳәеит Бениа.

Иара иазгәеиҭеит Гәдоуҭа араион ақыҭақәа быжьба - Лыхны, Џьырхәа, Аҷандара, Аацы, Ҟәланырхәа, Жәандрыԥшь, Дәрыԥшь - злахәыз аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәеи ахәмаррақәеи ҩаӡара ҳаракыла ишеиҿкааз.

"Имҩаԥаҳгаз ишәарҭоу спорттә еицлабрақәоуп, урҭ аҽыццышәқәа рылахәын. Ампыл асра, аҵәеигәыдҵара, аҳәаҟьара, ԥсуаҵас аҽырхәмарра уҳәа ҳапрограммаҟны иарбоу ахкқәа хәыҷык аџьабаа рыцын, быжь-командак анрылахәу, имариам, акаҳарақәа ҟалазаргьы, зегьы ршьапы иқәгылоуп, ргәы бзиоуп", - иҳәеит Бениа.

Иара рыӡбахә иҳәеит аицлабрақәа еиҿкаарала рымҩаԥгара ацхыраара азҭаз, хаҭала иҭабуп ҳәа реиҳәеит, убасгьы дрыдныҳәалеит Аибашьра Ду аветеранцәа.

Шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны.

Ажәабжьқәа зегьы
0