"Раԥхьа мызкахьы чыск акәын изӡуаз, нас ҩба, нас хԥа, убас хәыҷы-хәыҷла ауаа сырдыруа иалагеит, сыргәаԥхо иалагеит. Уажәы сус рацәоуп, аха атәымуаҩ дызгом. Саҳәшьцәа русура ианалгалак, иааны исыцхраауеит, убас ачыс еицаҳӡуеит. Уаанӡа аҩназы ачыс сӡуан, џьаргьы сцаны ҷыдала уи азы аҵара салымгеит. Аинтернет ацхыраарала, сан лышәҟәы аартны ианылҵоз сахәаԥшуеит, ак агсырхоит, ак ацысҵоит, убас хәыҷы-хәыҷла сааиуеит. Сусура маӡас иаҵоу? Зегь ирыцку ауаҩы иара иус дшазнеиуа ауп. Раԥхьа аусура саналагоз ԥарак сырҳандаз ҳәа акәын сзызхәыцуаз, сааԥсон, сгәы ԥнаҵәон, аха нас агьама скит, уажәы иаазхәо игәы аҟаҵара сашьҭоуп. Ачыс зго аҭел дасны, "иҭабуп" ҳәа уаиҳәарц уҭаххоит, иахьнеигогьы уи зфо ауаа иргәаԥханы иузасырц уҭаххоит. Ауаа счыс иахырҳәаауа сара сзы зегь иреиӷьу ахәшьара ауп", - азгәалҭеит Ҵнариаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.