АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба даҭааит Донецктәи жәлар рреспублика хәышықәса ахыҵра иазкыз ДЖәР амилаҭтә нхамҩа аихьӡарақәа рцәыргақәҵа. Уи аартын Донецк агәаны иҟоу Ленински ихьӡ зху Акультуреи аԥсшьареи рпарк аҟны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.
Аделегациақәа ирылсны ирыхәаԥшит ДЖәР аминистррақәеи урҭ ирыҵаркуа аусбарҭақәеи реихьӡарақәа зныԥшуаз астендқәа. Апрофильтә министррақәа рнапхгаҩцәа еиҭарҳәеит агроааглыхратә усхк, агәабзиарахьчара, аҵарадырра, арацәатәи аметаллургиатәи ааглыхра, асоциалтә усхк, аинформациатә политика, адипломатиатә усура, акультура, аспорт, иҷыдалкаау аҭагылазаашьақәа раԥырҟәҟәаара, аинфраструктура аргылареи аиҭашьақәыргылареи уҳәа рыҟны ирымоу аихьӡарақәа ртәы еиҭарҳәеит. Ацәыргақәҵа аҵакыра 227 метр ԥшьыркца иҟан, уи аҩнуҵҟа иаартын ҩажәа инареиҳаны астендқәа, азгәаҭоуп апресс-маҵзура адырраҭараҿы.
Аԥсуа делегациа иалоуп иара убас Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Апарламент адепутатцәеи.
Уаанӡа ДЖәР Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырра ҟанаҵеит Донецктәи жәлар рреспублика хәышықәса ахыҵра иадҳәалоу агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа рылахәразы ишнеиуа 17 тәылак рҟынтәи асасцәа. ДЖәР иаҭааит Урыстәыла, ЛЖәР, Аахыҵ Уаԥстәыла, Аԥсны рофициалтә делегациақәа, иара убас Италиа, Франциа, Бельгиа, Сербиа, Германиа, Австриа, Норвегиа, Финляндиа, Чехиа, Словакиа, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, ЕАА рҟынтәи аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәа.
2014 шықәса лаҵара 11 рзы Донецктәи жәлар рреспублика имҩаԥнагеит ахалаҟазааразы ареферендум. Адырҩаҽны, лаҵара 12 рзы, ареферендум алҵшәақәа рылаҳәара ашьҭахь, ДЖәР аиҳабыра ареспублика асуверенитет рыларҳәеит.