Адгьыл амхылдыз цәқәырԥа дуқәа ихырҟьеит

Анапаҵаҩра
Лаҵара 14 шьыжьы инаркны иаахәлаанӡа адгьыл амхылдыз цәқәырԥа дуқәа ихырҩоит.

АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. Амра аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩнуҵҟа зегь раасҭа амч змоу амхылдыз цәқәырԥақәа Адгьыл аҿы ицәырнагеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Афизика аинститут Амра астрономиа арентгентә лабораториа аҵарауаҩ Сергеи Богачиов иажәақәа ҵаҵӷәыс иааганы.

"Иахьатәи амхылдыз ацәқәырԥара ахԥатәи аҩаӡара амоуп. Зынӡа хә-ҩаӡарак ыҟоуп. Ахәбатәи аҩаӡара шамахамзар иуԥылом, 10-12 шықәса рахь знык иҟалар алшоит", - иҳәеит аҵарауаҩ.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Арадио
Цәышба амра атыҩ ианакуа иазкны: згәабзиара уашәшәыроу анырра рнаҭоит

Амхылдыз ацәқәырԥара аҽарҭынчуеит ахәлара ианалагалак.

Аҟазауаа иазгәарҭоит ахашьклаԥшра шахәҭоу.

Агәыхь, ашьақәыӷәӷәара змоу, аинфаркт зхызгахьоу ауаа хымԥада ахәшә рыдыркылалароуп.

Амхылдыз цәқәырԥара еиҳа имарианы ахгаразы аԥсшьареи ииашаны акрыфаражәра аиҿкаареи хымԥадатәиуп. Аҳауаҿ аҟазаара ахәҭоуп, аӡы рацәаны ижәлатәуп.

G5 аҩаӡара змоу амхылдыз цәқәырԥара иалшоит афымцеиқәыршәареи арадиодырраҭарақәеи еиԥнарҟьар. Аҭоурых аҟны реиҳа иӷәӷәаз мхылдыз цәқәырԥараны ишьоуп 1859 шықәса рзы иҟаз ацәқәырԥара. Усҟан иара иахҟьаны Европеи Америкеи ателеграф аусура ԥкхеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0