Кәарҷиа "Аӡыхь" азы: аҟыбаҩ злоу ралԥшаара иазкуп
"Зегь раԥхьа иргыланы аконкурс зеиҿаҳкаауа убри ауп, ҳҵараиурҭақәа рахь иааиуа ауаа неины иахәаԥшлар ҳҭахуп. Убра далукаауеит аҟазара злоу, аҟыбаҩ злоу, убри аҵара дадыԥхьалатәуп. Ахореографцәа апрофессионалцәа ҳҭахуп, аҵарахьы идәықәуҵаша ауаҩы далухыр ҟалоит. Ара зҽалызкааз адунеи жәларбжьаратәи аицлабрахь арекомендациақәа рыҭан иҳашьҭуеит. Акәашара ахаангьы аԥсуаа бзиа ирбон, уи акәзаргьы ҟалап, афестиваль аҭааҩцәагьы рхыԥхьаӡара зырацәоу. Ари ҳкультура ӡырызго акәны исыԥхьаӡоит", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.
Лаҵарамза 16-17 рзы Аԥснытәи аҳәынҭкарратә филармониаҿы имҩаԥысуеит акәашаратә гәыԥқәа ҩажәиҩбатәи реицлабра-афестиваль "Аӡыхь".
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.