Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьалаӷониаԥҳа астудиа "Уарада" иазкны
"Ҳкәашон ҩ-кәашарак: аԥсуа кәашареи аԥсуа ажәытә жәлар рыкәашареи. Дара аиԥшымзаара рымоуп, уи рбар рылшон афестиваль ахәаԥшцәа. Астудиаҿы иҳамоу ахәыҷқәа рықәра ԥшьышықәса инаркны жәаба рҟынӡа инаӡоит. Ԥшьышықәса зхыҵуаны акәашара зылшо - уи аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа роуп, ҳажәа иазыӡырҩуеит, иагьынарыгӡоит. Ахәыҷы аҟыбаҩ иламзар, аус ицура цәгьоуп. Аиҳабацәа урацәҳар рҭахым, иакәым уҳәар, игәаауеит. Ҳаргьы аҽазыҟаҵарақәа усурак еиԥш ирыдыркыларц раҳҳәоит. Убас ҳааиуеит", - азгәалҭеит Џьалаӷониаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.