Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бебиа Аԥсныи Урыстәылеи рыҭҵаарадырратә усбарҭақәа реиқәшаҳаҭра алшарақәа рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукСергеи Бебиа
Сергеи Бебиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныи Урыстәылеи рыҭҵаарадырратә усбарҭақәа аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит, уи зызку атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бебиа.
Бебиа еиҭеиҳәеит Аԥсныи Урыстәылеи рыҭҵаарадырратә усбарҭақәа реиқәшаҳаҭра атәы

"Афундаменталтә ҭҵаарақәа рзы урыстәылатәи афонд аҟынтә ҷыда Аԥсны ацхыраара аиуеит. Аԥсныи Урыстәылеи аҵаарауаа еидгыланы иҟарҵо аҭҵаарақәа рҿы аурысцәа рганахьала афонд иашәалоит, аԥсуа рганахьала - Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иашәалоит. Ҳәарада, усҟак амч ҳара иҳамам, аха ҳара иахьынӡазалшо ала аусурақәа мҩаԥаагалоит. Аекспедиациақәа реиҿкаара, аҭҵааразы амыругақәа уҳәа, уи зегьы дара рхахьы иргоит. Ари ҳнаука анагӡаразы даара иманшәалоуп", - азгәеиҭеит Бебиа.

Академик иҳәеит аҭҵаарадырра амҩаԥгара анаҩс ҳтәыла асоциалтә економика аизырҳаразы ишхәарҭара дуу.

"Амшын аҿы аекологиа, аԥсабара аекологиа, абарҭ зегьы ауаҩы ихәартә еиԥш, асоциалтә економика аизырҳаразы ҭҵаарадыррала еилкаатәуп. Абри аус азы агрантқәа ҟаҵаны, темала ишьақәыргыланы, Аԥсныи Урыстәылеи аҵарауаа рхы еидкылана аусура иаҿуп", - иҳәеит Бебиа.  

Аԥсны аҭҵаарадыраақәа ракадемиеи афундаменталтә ҭҵаарақәа рзы урыстәылатәи афонди аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0