Аоппозициаа Бзыԥҭа ақыҭаҿ амҩа аадыртит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраамҩа
амҩа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 21 ауха аоппозициаа рхаҭарнакцәа ареспубликатә трасса, Тамшьи Бзыԥи аҭыԥқәа рҿы амҩа адыркит.

АҞӘА, лаҵара 21 -Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аоппозициаа рхаҭарнакцәа Бзыԥҭа ақыҭаҿ амҩа аадыртит ҳәа Sputnik иазааицҳаит аоппозициатә мчқәа рхаҭарнак Ҭеимураз Хышба.

"Ацентртә автотрасса аркра агәҽанҵаратә ҟазшьа акәын иамаз. Убри азы иӡбан акциа уахынланы амҩаԥгара – амҩаҿ аныҟәарақәа рхыԥхьаӡара анырацәамыз. Абри аумҭала ҳара иаҳҭахын анапхгара аҭагылазаашьа ауадаҩра дҳарбарц", - иҳәеит иара.

СТОП - Sputnik Аҧсны
Аоппозициа адгылаҩцәа Бзыԥи Тамшьи амҩақәа ркит

Хышба иазгәеиҭеит рыдҵа анынагӡамха амҩа шеиҭадыркуа. Очамчыра араион Тамшь ақыҭан амҩаҿ аԥкрақәа шыҟоу иааныжьуп.

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рхада Аслан Бжьаниа Москватәи ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

Ажәабжьқәа зегьы
0