Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қәычбериа: Очамчырантә Аҟәаҟа апассаџьыртә транспорт ныҟәом

© Sputnik / Томас ТхайцукСлавик Кучуберия
Славик Кучуберия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион Ахада ихаҭыԥуаҩ Славик Қәычбериа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит лаҵарамза 21 асааҭ ҩба ауха инаркны Тамшь ақыҭа иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду шаркыз.
Қәычбериа: Очамчырантә Аҟәаҟа апассаџьыртә транспорт ныҟәом

"Иаха асааҭ ҩба рзы Аҟәаҟа ицо амҩаду аанкылан Тамшь ақыҭа ауааԥсыра рыла. Сара схаҭа сцан игәасҭеит, соурышьҭит. Усҟан ҩажәа-ҩык раҟара акәын игылаз. Уажәы исымоу адыррала, ақыҭа ауааԥсыра зегьы уа игылоуп, ашкол ахь ицо автобусқәа зымцеит, арҵаҩцәа ашкол ахь изымнеиз рацәоуп. Очамчырантә Аҟәаҟа иаауа апассаџьыртә транспорт зымцеит, аҭагылазаашьа агәҭымчымра цәырнагартә еиԥш иҟоуп. Иҟан ахҭыс аҳҭнықалақь ахь ицоз ачымазаҩгьы данаурмышьҭыз, усҟан, ақыҭа иакәыршан игоу амҩахь идәықәҵан", - ҳәа азгәеиҭеит Қәычбериа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0