Ҳаџьымба Апарламент ирыдигалеит Аконституциатә закәан аԥсахрақәа ралагаларазы

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезидент Абхазии Рауль Хаджимба на вечере в честь 26-летия Министерства по репатриации Абхазии, 25 марта 2019
Президент Абхазии Рауль Хаджимба на вечере в честь 26-летия Министерства по репатриации Абхазии, 25 марта 2019 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахада Апарламент аҟны иахәаҧшразы ирыдигалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан аҧсахрақәа ралагаларазы Азакәан апроект.

АҞӘА, лаҵара 23 - Sputnik. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Апарламент аҟны иахәаҧшразы ирыдигалеит "Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы" Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан аҧсахрақәа ралагаларазы Азакәан апроект, абри атәы аанацҳауеит Ахада иофициалтә саит.

Азакәан апроект иазҧхьагәанаҭоит "Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы" Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 6 ахәҭа 1 аҧсахрақәа ралагалара.

"Аус зуа Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 6 аредакциа иаҳәоит алхрақәа мҩаҧысуеит ҳәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада изинмчқәа рыҿҳәара анҵәара хымз шагу мамзаргьы ҩымз ирхыгамкәа. Ицәыргоу Аконституциатә закәан апроект иазҧхьагәанаҭоит Ахада изинмчқәа рыҿҳәара нҵәаанӡа алхрақәа рымҩаҧгаразы иазыҧҵәоу аҿҳәара ҩымз рыҟнытә мызкы аҟынӡа аркьаҿра", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 49 инақәыршәаны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада далххоит 5 шықәса ҳәа. Изинмчқәа рыҿҳәара аҧхьаӡара иалагоит аҭоуба адкылара аныҟала инаркны. Аус зуа Ахада имаҵура ааникылеит 2014 шықәса цәыббрамза 25 рзы, изинмчқәа рыҿҳәара нҵәоит 2019 шықәса цәыббрамза 25 рзы.

Алхрақәа рымҩаҧгара аҿҳәара (арыцхә) Конституциала ишьақәыргылахаӡом. Азакәан хада ахәҭаҷ 50 иашьашәалоу аконституциатә закәан ахь ухьанарҧшуеит.

Митинг оппозиционных сил у здания Парламента  - Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарра анапхгареи аоппозициеи еиқәшаҳаҭхеит

Иарбоу аҧсахрақәа рыдкылара Аҧсны Жәлар Реизара азинмчқәа рнаҭоит аконституциатә нормақәа рҳәаа иҭагӡаны имҩаҧысраны иҟоу Ахада иалхрақәа ррыцхә 2019 шықәса нанҳәамза 25 рзы ҳәа рышьақәыргыларазы.

Рауль Ҳаџьымба- Аԥсны Атәыла хадас далхын цәыббра 25 2014 шықәсазы. Инапынҵақәа рыҿҳәара нҵәоит цәыббра 25 2019 шықәсазы.

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рхада Аслан Бжьаниа Москватәи ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

Аганқәа рыҩбагь аҩаша, лаҵара 21 рзы еиқәышаҳаҭрак иазкылсит.

Акциа алахәылацәа ақәшаҳаҭхеит атәыла ахада иалхра аҿҳәара ԥхынгәы 21 аҟынтәи нанҳәа 25 ахь.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0