АҞӘА, лаҵара 24– Sputnik. Еиду Америка аштатқәак рҿы каннабис алегалтәра агәҭынчымра зызцәырнаго ауааи ҳәынҭқаррақәаки ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, анаркотикқәеи ацәгьоурақәеи рзы Еиду амилаҭқәа реиҿкаара (ЕАР) аусбарҭа анагӡаратә директор Иури Федотов иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Алегалтәра ҭбаа аӡбахә алацәажәара макьаназ изаауп, аиҳаракгьы макьаназ излацәажәо 275 психоактивтә маҭәашьар роуп. Урҭ жәларбжьаратәи ахылаԥшра рымоуп. Ус шакәугьы, аҭагылазаашьа агәҭынчымра цәырнамгар ауам", - иҳәоит Федотов.
ЕАР аусбарҭа анагӡаратә директор Иури Федотов иара убасгьы иазгәеиҭеит хәажәкырамзазы Вена анаркотикатә маҭәашьарқәа рзы акомиссиа аилатәара шазкыз абри ахырхарҭала аусура апринципқәеи ахықәкқәеи.
"Есышықәса адунеи аҿы анаркотикатә маҭәашьарқәа ирыхҟьаны миллионбжак рҟынӡа ауаа рыԥсҭазаара иалҵуеит. Ари хыԥхьаӡара дууп", - иҳәоит Федотов.
Уругваи Канадеи амарихуана алегалтәра жәларбжьаратәи анаркотик иаҿагыло аконвенциа еиланагоит ҳәа азиԥхьаӡоит Федотов.