Коӷониаԥҳа лымҩаду: Кәарҷиа аполитикатә хынҭаҩынҭара Аԥсны ишаныԥшуа атәы
"Ҳа ҳҩыза амилаҭ маҷ змоу аҳәынҭқаррақәа адунеи аҟны акы–ҩба ҳәа еиқәыԥхьаӡазар ауеит. Анцәа иҳаҭәеишьаз абри аҳәынҭқарра аныҟәгара иҵегьы ҳазхәыцны, ҭакԥхықәрала ҳазнеироуп. Адунеи зегь аҟны иахьа рылаԥш ҳхуп. Иахьа иаҳҳәо ҳажәа, ҳхымҩаԥгашьа раӡазароуп, избанзар аҳәынҭқарра рзеиҿкаауа ирзеиҿымкаауа ҳәа иҳахәаԥшуеит", - иҳәеит Кәарҷиа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.