Апарламент аҟны актәи аԥхьарала 2018 шықәсазтәи абиуџьет анагӡашьа рыдыркылеит

© Sputnik / Акоп КущанАпарламент аилатәара
Апарламент аилатәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент аилатәараҿы лаҵара 28 рзы иалацәажәеит "2018 шықәса рзы Ареспубликатә биуџьет анагӡаразы" азакәан.

АҞӘА, лаҵара 29 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. 2018 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет аныхратә хәҭа миллиардки 18 миллиони 17 нызқь мааҭ рыла инагӡам ҳәа иҳәеит аилатәараҿы Агәаҭаратә палата ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Оҭырба.

Иара иажәақәа рыла ареспубликатә биуџьет ацәынха иартәеит 668 миллион мааҭ, Аинвестициатә программа аҟынтәи иаанхеит 484 миллион мааҭ, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара аԥарақәа рҟынтәи – 180 миллион мааҭ. 2018 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет ахашәала нагӡам 320 миллион мааҭ рыла.

"2018 шықәсазтәи аилагарақәа 2017 шықәсазтәи аилагарақәа иреиԥшуп. НДС, ахашәалазы абаџь, аҳазалхратә шәарақәа уҳәа рзы ауалқәа ирыцымлозар ирыгхом. Абри аганахьала иахәҭоу аусурақәа мҩаԥгам. Анагӡаратә мчрақәа рҟынтәи ахашәалахәы анагӡаразы анализ ҟарымҵацт", - иҳәеит Оҭырба.

Амедицина аганахьала ареспубликатә биуџьет аныхратә хәҭа нагӡам 121 миллион мааҭ рыла.

Парламент РА - Sputnik Аҧсны
Апарламент аҩбатәи аԥхьарала иаднакылеит ачынуаа рхашәалақәа ашәҟәы рҭагаларазы азакәан

Иара убасгьы иалацәажәан Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа рҿаԥхьа иақәу ауалқәа. Адепутат Рауль Лолуа ажәалагала ҟаиҵеит иныхым аԥарақәа рыла абри ауал шәазарц.

2018 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалақәа рыла инагӡоуп 9 миллиардки 169 миллиони 478 нызқь мааҭ рыла – планла 9 миллиардки 590 миллиони 331 нызқьмааҭ ахьыҟаз. Ахатәы хашәалақәа - 4 миллиардки 798 миллиони 531 нызқь мааҭ дыртәоит, планла 5 миллиардки 218 миллиони 731 нызқь мааҭ ахьазыԥхьагәаҭаз.

Аныхрақәа рыла анагӡара иартәеит 8 миллиардки 768 миллиони 867 нызқь мааҭ, планла 10 миллиардки 534 миллиони 756 нызқь мааҭ ахьарбаз.

Аԥсны Апарламент аилатәараҿы лаҵара 28 рзы иалацәажәеит "2018 шықәса рзы Ареспубликатә биуџьет анагӡаразы" азакәан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0